Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла арратә мчрақәа "Калибр" ала Киев амҵантәи анефҭбаза ааха арҭеит

Украина арратә операциа иалагазар иҭархоуп 1587 танки акәылӡы машьынақәеи, 261 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik. Урыстәыла арратә мчрақәа "Калибр" ала украинатәи ар рзы ицхыраагӡаз Киев амҵантәи анефҭбаза ааха арҭеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.

"Хәажәкыра 24 ауха амҵәыжәҩа змоу аракетақәа "Калибр" рыла украинатәи ар рзы ицхыраагӡаз Киев амҵантәи Калиновка аҿы иҟаз анефҭбаза ааха аҭан", - ҳәа иҳәеит иара.

Конашенков иажәақәа рыла, уахык ала авертолиотқәа рҟынтә ааха рыҭан 24 ак украинатәи аибашьыга техника: атанкқәа быжьба, 51 арратә обиект.
Конашенков иҳәеит урыстәылатәи ар 25-тәи аҳауа-десанттә бригада аҟәшақәа ишрыжәло, 4 километрак ԥхьаҟа инеины аиланхарҭа ҭыԥқәа 5 рхы ишақәиҭыртәыз.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Украина аҭагылазаашьазы Урыстәыла иаҿагыло арезолиуциа аднакылеит
Урыстәыла арратә операциа иалагеит жәабран 24 рзы. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит аоперациа хықәкыс ишамоу аа-шықәса агеноцид зыдҟаҵалаз ауаа рхақәиҭтәра.