Аԥсны

Анқәаб Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьаршәаларазы аус дырццакырц анапынҵа ҟаиҵеит

Аслан Бжьаниеи Владимир Путини реиԥылара ашьҭахь 2020 шықәса абҵарамзазы ишьақәырӷәӷәан Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Асоциалтәи аекономикатәии зеиԥш ҵакыра аиҿкаараз Апрограмма.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб аминистррақәа рнапхгаҩцәа Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәаларазы анормативтә ршаҳаҭгақәа аус рыдулара дырццакырц рнапы ианиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аекономика аминистрра апресс-маҵзура.
"Апрограмма анагӡара хымԥадатәиуп, избанзар уи ҳауаажәлар рыԥсҭазаара аиӷьтәра иазырхоуп. Иазыԥҵәоу аҿҳәарақәа ирхыԥар ҟалом. Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳусеицураҟны ус еиԥш ҟамлароуп", - иҳәеит аԥыза-министр, иагьациҵеит аусутә гәыԥ алахәылацәа зегьы аҭакԥхықәра шрыду.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аилатәараҟны илҳәеит аԥсуа гәыԥ аҿаԥхьа асоциалтәи, атәанчахәытәи, агәабзиарахьчареи, аҵарадырреи русхққәа рзы анорматив-зинтә ршаҳаҭгақәа реиқәыршәараҿы ауадаҩрақәа шыҟоу.
Иара убас Озган илҳәеит, аусутә гәыԥ алахәылацәа Аԥсни Урыстәылеи ирзеиԥшу асоциалтәии аекономикатәии ҵакыра ашьақәыргыларазы иҟарҵахьоу шырацәоу.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азеиԥш ҵакыра аиҿкаара апрограмма шьақәырӷәӷәоуп
Ҳазҭоу ашықәс азы аԥсуа ган ихдыркәшароуп аус здыруло Аҳазалхратә Кодекс, аҳәынҭбаџь азы Азакәанеидкыла, аинвестициа аусхк азы апроект, ашәахтә закәанԥҵара, агәабзиарахьчара, аҵарадырра, иара убас ҩ-тәылауаҩрак амазаара азҵаарақәа рҭышәныртәаларази атәылауаа атәанчахәы ала реиқәыршәарази аиқәшаҳаҭрақәа.