Аԥсны

Аашықәса зхыҵуа аԥсуа ҵаақәшьқьрааҩы аицлабраҟны аԥхьахә ҭыԥ аанылкылеит

Аӡӷабцәа рыбжьара ахԥатәи ақәыԥшцәа рҟазараҩаӡараз аицлабра мҩаԥысит хәажәкыра 27 азы Липецктәи аобласт ақалақь Усман аҟны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Аспортсменка қәыԥш шьҭрала Аԥсны иатәу Шьорена Гәниаԥҳа актәи аҭыԥ аанылкылеит Липецктәи аобласт аҟны аҵаақәшьқьразаараз имҩаԥысуаз аицлабраҟны ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аӡӷаб хәыҷы лан.
Шьорена Гәниаԥҳа лпрогамма ҿыц анагӡараҿ иаҵан Хьыбла Герзмааԥҳа лашәа "Сыԥсынтәыла". Аҵаақәшьқьрааҩы аицлабраҟны дықәгылон Тамбовтәи аобласт аҵаақәшьқьраара азы Афедерациа ахьӡ ала.
Лара зыҟаҵаҩцәас илымоуп Ольга Наиденовеи Тамбовтәи аобласт аҵаақәшьқьразааразы Афедерациа ахада Наталиа Беловеи.
Шьорена Гәниаԥҳа аашықәса лхыҵуеит, хышықәса ҵоит аҵаақәшьқьраара лҽазыҟалҵоижьҭеи.