Аԥсны

"Ааԥынтәи ақәа ашьацаагагоуп" – ааԥын шыҟалази уи адыргақәеи

Аԥсуа жәлар жәытә аахыс ирымоуп аамҭақәа разгәаҭарақәа. Ааԥынтәи азгәаҭарақәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik
Ашьацаагага
"Ааԥынтәи ақәа ашьацаагагоуп" рҳәоит, ус иагьалагоит ааԥынтәи аиаҵәара агылара, аԥсабара аҿыхара. Сынтәа ааԥын аҳра аура иахыццакуам, макьанагьы инагӡаны аӡынреи иареи меилысыц, ишыхьшәашәац ихьшәашәароуп. Ас еиԥш ала аӡын аҽанааннакыло аарыхра бзианы иҟалоит ҳәа иазгәаҭаны ирымоуп аԥсуаа, насгьы ашәыргьы бзианы иҟалоит.
Аԥсуаа ирымоуп аҳәамҭақәа ашықәс аамҭақәа рыҟалара зыхҟьази амзақәа рыхьӡ шыҟалази ирызкыу. Ааԥынра шыҟалаз ҳәа еиҭарҳәоит абас еиԥш:
Аԥсуа жәлар рамзар
"Ааԥын аԥхара ҟамлои, уи зыхҟьо убри ауп.
Анцәа, Ааԥынра ианазааигәахалак, Амра иамихоит хәҭа хәҷык. Нас, иааганы уи ахәҭа амшын иалаижьоит. Нас уи аамышьҭахь амшын шуеит аҩнуҵҟала, аԥхара анаиулак.
Убри иахҟьаны Ааԥынра ааиуеит", – ҳәа ҳанаҳәоит амифологиатә ҳәамҭа.
Ари аамҭа, иара убасгьы "ақәыџьма аӡы ианҭабылгьо" иадыркылоит, даҽакала иаҳҳәозар, аԥсабара ақәаура аныхҭанакуа.
Ааԥын адыргақәа
Ааԥынтәи аԥсабара ашьклаԥшрала аԥсуаа иазгәаҭаны ирымоуп адыргақәа маҷымкәа. Урҭ аиҳарак изызку анхаҩы игәыӷрақәа здиҳәало ашықәсантәи иаарыхрақәа шыҟалаша роуп.
Иааҳгап ҿырԥштәқәак:
Хәажәкырамза ажәытәала иантәалак апҟа дәықәлоит, урҭ амшцәгьа – аси ақәеи – рышьҭоуп.
Ала аӡы иҭатәар ("иҭабылгьар"), ақәа ауеит.
"Амш ацәгьахара аҽаназнакуа...": аԥсаатә рыла иаарԥшу жәлар разгәаҭарақәа
Ааԥын аԥсҭҳәа катәо, ишьҭачуа ианалага, ашәыр ҟалаӡом (иабылуеит).
Ааԥын анаауа заа иԥхарацәамхар – амаҵәха еиҿанакуеит, ашықәсан ашәыр ҟалоит. Иԥхарацәахар, иажьоит, заа ипытуеит, нас ахьҭа иԥхасҭанатәуеит.
Ааԥынтәи ақәаԥсата ҳаскьынаагагоуп.
Адгьыл иӷәӷәаны ианалаҵаауа ашықәсан аԥш (аарыхра) бзианы иҟалоит.