Заҟа ирацәаны абызшәақәа удыруа аҟара, убриаҟарагьы адунеи еилукаауеит, убриаҟарагьы ууаҩра еихауҳауеит, убриаҟарагьы улаԥшҳәаа ҭбаахоит – ари идыру, ишьақәырӷәӷәоу теоремоуп. Убасҵәҟьагьы еилкаауп ухатәы бызшәала иуҳәо даҽа бызшәак ишазымҳәо, уи амилаҭ еидызкыло, аҳәынҭқарра шьақәзыргыло акны ишыҟоу.
Иҟоуп аамҭақәа ахатәы бызшәа амилаҭ напеикәыршала ианеиднакыло, аиҳаракгьы уи аҿиара иаҿагылоу амчқәа анцәырҵуа, ирхәаҽырц ианалаго. Аҿырԥштәазы хара ацара аҭахӡам. Иахьагьы иргәалашәоит ҳаиҳабацәа аԥсышәала ацәажәара, аҩра, аԥхьара азин анрырымҭоз. Усҟан ҳмилаҭ аӡәкны еидызкылаз акәны иҟалеит абызшәа ахьчара, аиқәырхара аидеиа, иара убри алагьы ихьыԥшым аҳәынҭқарра ачаԥара.
Ауаҩы ихатәы бызшәа шихьчо еиԥшҵәҟьа абызшәагьы иара ихаҭа дахьчоит. Иаҳҳәап, аибашьраан, мамзаргьы ишәарҭоу даҽа ҭагылазаашьақәак рҿы ауаҩы икәшамыкәша иҟоу аҭагылазаашьа иаӷа изеилымкааратәы аарԥшразы ихы иаирхәоит иибо изцәырнаго ассоциациақәа рыла аҳәара. Усҟан уи деилызкаар зылшо зхатәы бызшәа ибзианы издыруа заҵәык иоуп. Абас ииуа "амаӡа бызшәалагьы" ахатәы бызшәа ауаҩы дахьчоит, дызҭагылоу ашәарҭара далнагоит. Ухатәы бызшәа уахьчо иҟазар, атәым бызшәа чарҳәара узнаур алшоит. Иаҳҳәозар, асоциалтә каҭақәа рҿы лассы-лассы ауаа ирызгәамҭаӡакәа, реицәажәара иалашыҩкны "аҩны" аҩнуҵҟатәи аусқәа "адәахьы" идәылыргоит ирхианы "асаан инанҵаны", уи атәым бызшәала ианалацәажәо.
Ирҳәоит аханатә ауаа злеилибакаауаз бызшәак акәын иҟаз ҳәа, уимоу уи абызшәалагьы ицәажәон аԥсабара, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи – урҭ ирҳәозгьы еиликаауа дыҟан ауаҩы. Аха аҭаацәараҿы аиҳабацәа ирҳәоз аиҵбацәа ирмаҳауа ианалага, урҭ рани раби рықәшәиит бызшәала еиқәымшәо, изеилимбакаауа иҟаларц. Убас иит ирацәаны абызшәақәа. Ауаҩы деилукаарц азы уи ибызшәа уҵароуп. Иџьашьатәума аҵарауаа, аныҟәаҩцәа иахьаҭауааз атәылақәа рҿы зегь раԥхьа иргыланы урҭ рбызшәа аҵара, аҭҵаара иахьалагоз, нас акәын егьырҭ ахырхарҭақәа?!
Абызшәаҿоуп иахьыҵәахыу амилаҭ адоуҳатә код. Игхоуп агәаанагара ауаҩы ихатәы бызшәа изымдыруазаргьы уи икультура ныҟәигоит уеизгьы ҳәа, уи хыхьтәи ацәамаҭәала уҽуҵәахит ауп иаанаго, аха уҩнуҵҟа ушыхтыц уаанхоит, бызшәада акагьы улшаӡом, даҽаӡәгьы анырра узиҭаӡом, унапала уҳәаақәа урҭшәоит.
Ҳазхьаԥшып аҭоурых, Аԥсны амчра аманы ианыҟаз. Уи Имереҭи, Гуриеи, Шәамтәылеи ганкахьала иаҵанакуан, егьирахьала – Ҟәбина аӡы инаркны Амшын еиқәа аҟынӡа аԥсуа ҳәынҭқаруаа рнапаҿы иҟан, Ермантәылагьы убасҟан аԥсуа ииҳәарызеи ҳәа ихьыԥшын. Уажәы иабаҟоу ари Аԥсны ду? Изыхҟьеи ҳҳәаақәа рыҭшәахара? Армчқәа разымхара аума изыхҟьаз? Мамзаргьы еснагь ҿарԥас иҟаҳҵо аԥара азымхара акәу? Мап, уи зыхҟьаз бызшәала ҳахьеиқәымшәо ауп! Абар уи иазкны ииҩуаз арккаҩы Дырмит Гәлиа:
"Аԥсацәа аҵара иашьҭамызт, рбызшәа ҳаҭыр ақәырҵомызт, рбызшәала аҩреи аԥхьареи ҟарымҵеит, атәым милаҭқәа рбызшәеи рышәҟәҩыреи акәын, дара ртәы кажьны, хәаахәҭгаси еицәажәагаси иҟарҵоз, убри аҟнытә аҵара змаз ауаа атәым милаҭқәа ҳрыҵадырӡит, аҵара хәыҷык аԥсуаа рахьтә изауаз иашьаси ԥханагьласи иҟаҵаны дара ирыдыркылауан…" - ҳәа далацәажәон ашәҟәҩыра ашьаҭаркҩы.
Хымԥада уиаахижьҭеи, иара Дырмит Гәлиа иалагамҭа инаркны иҟаҵоу рацәоуп. Ҳара ҳашәҟәҩыра, ҳлитература, ҳкультура адунеи иадыруа иҟалеит, амилаҭ дуқәагьы ҳрацлабуа ҳаҟоуп, аха ҳара ҳбызшәа ҳаҭыр ҳзақәым, иара шакәу анык леиԥш ҳзыхьчо ҳзеилкаауам. Иара адунеи ҳадыруа ҳҟанаҵоит, ҳара аҽҟьарҭа аҳҭаӡом, иҳарҭшәоит. Иахьагьы Дырмит Ду игәҭыха – ԥсышәала аҵара инагӡаны аҟаҵара залымшахацт. Аԥсны аҳра ду иацәынхаз иахьа иҳамоу Аԥсны ахәыҷгьы иахьа абри аидеиа акәша игылароуп, "ҳбызшәа еиқәшәароуп". "Иухьчо уахьчоит"!