Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахатәы бызшәа хыхьчагоуп, атәым бызшәа чарҳәара узнаур анауа

© Sputnik / Леон Адлейба Аԥсуа шәҟәқәа
Аԥсуа шәҟәқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2022
Анапаҵаҩра
Ауаҩы ихатәы бызшәа шихьчо еиҧшҵәҟьа абызшәагьы иара ихаҭа дахьчоит. Абызшәаҿоуп иахьыҵәахыу амилаҭ адоуҳатә код. Абызшәа ахархәара дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Заҟа ирацәаны абызшәақәа удыруа аҟара, убриаҟарагьы адунеи еилукаауеит, убриаҟарагьы ууаҩра еихауҳауеит, убриаҟарагьы улаҧшҳәаа ҭбаахоит – ари идыру, ишьақәырӷәӷәоу теоремоуп. Убасҵәҟьагьы еилкаауп ухатәы бызшәала иуҳәо даҽа бызшәак ишазымҳәо, уи амилаҭ еидызкыло, аҳәынҭқарра шьақәзыргыло акны ишыҟоу.
Иҟоуп аамҭақәа ахатәы бызшәа амилаҭ напеикәыршала ианеиднакыло, аиҳаракгьы уи аҿиара иаҿагылоу амчқәа анцәырҵуа, ирхәаҽырц ианалаго. Аҿырҧштәазы хара ацара аҭахӡам. Иахьагьы иргәалашәоит ҳаиҳабацәа аҧсышәала ацәажәара, аҩра, аҧхьара азин анрырымҭоз. Усҟан ҳмилаҭ аӡәкны еидызкылаз акәны иҟалеит абызшәа ахьчара, аиқәырхара аидеиа, иара убри алагьы ихьыҧшым аҳәынҭқарра ачаҧара.
Ауаҩы ихатәы бызшәа шихьчо еиҧшҵәҟьа абызшәагьы иара ихаҭа дахьчоит. Иаҳҳәап, аибашьраан, мамзаргьы ишәарҭоу даҽа ҭагылазаашьақәак рҿы ауаҩы икәшамыкәша иҟоу аҭагылазаашьа иаӷа изеилымкааратәы аарҧшразы ихы иаирхәоит иибо изцәырнаго ассоциациақәа рыла аҳәара. Усҟан уи деилызкаар зылшо зхатәы бызшәа ибзианы издыруа заҵәык иоуп. Абас ииуа "амаӡа бызшәалагьы" ахатәы бызшәа ауаҩы дахьчоит, дызҭагылоу ашәарҭара далнагоит. Ухатәы бызшәа уахьчо иҟазар, атәым бызшәа чарҳәара узнаур алшоит. Иаҳҳәозар, асоциалтә каҭақәа рҿы лассы-лассы ауаа ирызгәамҭаӡакәа, реицәажәара иалашыҩкны "аҩны" аҩнуҵҟатәи аусқәа "адәахьы" идәылыргоит ирхианы "асаан инанҵаны", уи атәым бызшәала ианалацәажәо.
Аԥсуа бызшәа арҿиара афонд иҭнажьыз ашәҟәқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2015
Ҩаԥхьа абызшәа апроблемахь: аԥсшәа ахьысҳахара ашьаҭа абаки?
Ирҳәоит аханатә ауаа злеилибакаауаз бызшәак акәын иҟаз ҳәа, уимоу уи абызшәалагьы ицәажәон аҧсабара, аҧстәқәеи аҧсаатәқәеи – урҭ ирҳәозгьы еиликаауа дыҟан ауаҩы. Аха аҭаацәараҿы аиҳабацәа ирҳәоз аиҵбацәа ирмаҳауа ианалага, урҭ рани раби рықәшәиит бызшәала еиқәымшәо, изеилимбакаауа иҟаларц. Убас иит ирацәаны абызшәақәа. Ауаҩы деилукаарц азы уи ибызшәа уҵароуп. Иџьашьатәума аҵарауаа, аныҟәаҩцәа иахьаҭауааз атәылақәа рҿы зегь раҧхьа иргыланы урҭ рбызшәа аҵара, аҭҵаара иахьалагоз, нас акәын егьырҭ ахырхарҭақәа?!
Абызшәаҿоуп иахьыҵәахыу амилаҭ адоуҳатә код. Игхоуп агәаанагара ауаҩы ихатәы бызшәа изымдыруазаргьы уи икультура ныҟәигоит уеизгьы ҳәа, уи хыхьтәи ацәамаҭәала уҽуҵәахит ауп иаанаго, аха уҩнуҵҟа ушыхтыц уаанхоит, бызшәада акагьы улшаӡом, даҽаӡәгьы анырра узиҭаӡом, унапала уҳәаақәа урҭшәоит.
Аԥсуа шәҟәқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Аԥсны
Хатәы бызшәада аԥсҭазаара ҵакыдоуп
Ҳазхьаҧшып аҭоурых, Аҧсны амчра аманы ианыҟаз. Уи Имереҭи, Гуриеи, Шәамтәылеи ганкахьала иаҵанакуан, егьирахьала – Ҟәбина аӡы инаркны Амшын Еиқәа аҟынӡа аҧсуа ҳәынҭқаруаа рнапаҿы иҟан, Ермантәылагьы убасҟан аҧсуа ииҳәарызеи ҳәа ихьыҧшын. Уажәы иабаҟоу ари Аҧсны ду? Изыхҟьеи ҳҳәаақәа рыҭшәахара? Армчқәа разымхара аума изыхҟьаз? Мамзаргьы еснагь ҿарҧас иҟаҳҵо аҧара азымхара акәу? Мап, уи зыхҟьаз бызшәала ҳахьеиқәымшәо ауп! Абар уи иазкны ииҩуаз арккаҩы Дырмит Гәлиа:
"Аҧсацәа аҵара иашьҭамызт, рбызшәа ҳаҭыр ақәырҵомызт, рбызшәала аҩреи аҧхьареи ҟарымҵеит, атәым милаҭқәа рбызшәеи рышәҟәҩыреи акәын, дара ртәы кажьны, хәаахәҭгаси еицәажәагаси иҟарҵоз, убри аҟнытә аҵара змаз ауаа атәым милаҭқәа ҳрыҵадырӡит, аҵара хәыҷык аҧсуаа рахьтә изауаз иашьаси ҧханагьласи иҟаҵаны дара ирыдыркылауан…" - ҳәа далацәажәон ашәҟәҩыра ашьаҭаркҩы.
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2017
Ахатәы бызшәазы аӷарра
Хымҧада уиаахижьҭеи, иара Дырмит Гәлиа иалагамҭа инаркны иҟаҵоу рацәоуп. Ҳара ҳашәҟәҩыра, ҳлитература, ҳкультура адунеи иадыруа иҟалеит, амилаҭ дуқәагьы ҳрацлабуа ҳаҟоуп, аха ҳара ҳбызшәа ҳаҭыр ҳзақәым, иара шакәу анык леиҧш ҳзыхьчо ҳзеилкаауам. Иара адунеи ҳадыруа ҳҟанаҵоит, ҳара аҽҟьарҭа аҳҭаӡом, иҳарҭшәоит. Иахьагьы Дырмит Ду игәҭыха – ҧсышәала аҵара инагӡаны аҟаҵара залымшахацт. Аҧсны аҳра ду иацәынхаз иахьа иҳамоу Аҧсны ахәыҷгьы иахьа абри аидеиа акәша игылароуп, "ҳбызшәа еиқәшәароуп". "Иухьчо уахьчоит"!
Уроки абхазского языка - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2020
Зхатәы ззымыхьчо даҽаӡә итәгьы изыхьчом…
Ажәабжьқәа зегьы
0