Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аԥырҩы дызҭам украинатәи аҳаирплан ԥыржәеит Амшын еиқәа ианахаԥыруаз

Украина аоперациа ҷыда мҩаԥысуеижьҭеи иҭархоуп аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 270, акәылӡтәы техника 1,6 нызқь цыра.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Аԥырҩы дызҭам украинатәи аҳаирплан Амшын еиқәа иахаԥырны Севастополь ианазааигәаха иҭархан ҳәа аанацҳаит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы, урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа иҭадырхеит украинатәи авертолиот.
"Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа аиланхарҭа Ажәытә Басан ианахаԥыруаз иҭадырхеит украинатәи авертолиот Ми-24. Амш иалагӡаны иҭархан ақалақьқәа Балаклеиа, Киев, Чернигов ирхаԥыруаз аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа. Иара убас иҭархан Амшын еиқәа иахаԥырны Севастополь иазааигәахаз аԥырҩы дызҭам даҽа ҳаирпланк", - иҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак аинрал-маиор Игор Конашенков.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла атәылахьчара: арратә операциа ҷыда ахықәкы аҵыхәтәанынӡа инагӡахоит
Украина аоперациа ҷыда мҩаԥысуеижьҭеи иҭархоуп аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 270, акәылӡтәы техника 1,6 нызқь цыра. Иқәхуп зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа 167, адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи 669, иара убас 1474 ак иҷыдоу арратә автомобилтә техника.
Конашенков иара убас иазгәеиҭеит Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла ишықәнахыз Украина арратә хыбрақәа 91.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин Украина арратә операциа иалахәу рыстатус азы азакәан инапы аҵаиҩит