Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла атәылахьчара: арратә операциа ҷыда ахықәкы аҵыхәтәанынӡа инагӡахоит

© Sputnik / Иван Родионов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Донецкой народной республике
Ситуация в Донецкой народной республике - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Украина арратә операциа ҷыда мҩаԥнагоижьҭеи мызкы ҵуеит, ари аамҭа иалагӡаны урыстәылатәи аруаа ЛЖәР аҵакыра аиҳараки ДЖәР аҵакырабжеи ҭадырцәит.
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит, Украина имҩаԥырго арратә операциа ҷыда мҩаԥыслоит урыстәылатәи ахада рҿаԥхьа иқәиргылаз адҵақәа нарыгӡаанӡа ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла Арратә мчрақәа рыштаб хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Сергеи Рудскои иажәақәа шьаҭас иганы.
Аусбарҭа ахаҭарнак иажәақәа рыла, арратә аоперациа ҷыда актәи аетап ахықәкы нагӡоуп.

"Иааидкыланы арратә операциа ҷыда ихадаратәу ахықәкқәа нагӡоуп. Украина Арбџьармчқәа рылшарақәа ркәадоуп, уи иалнаршоит, аоперациа ҷыда ахықәкы хада анагӡара - Донбасс ахақәиҭтәра", - иҳәеит Рудскои.

Украина абџьархыхразы аоперациа цоижьҭеит мызкы иалагӡаны иҭархоуп ихадаратәыз 16 аеродром, абџьари аџьаԥҳани рыҵәахырҭақәа 39, уаҟа 70% рҟынӡа арратә техника иргыларҭан, аџьыԥҳани, абылтәи ҵәахын, иара убас иҭархоуп украинатәи атанкқәеи акәылӡы машьынақәеи.
Совет безопасности ООН, архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Украина аҭагылазаашьазы Урыстәыла иаҿагыло арезолиуциа аднакылеит
Украина аоперациа ҷыда цонаҵы иҭахеит урыстәылатәи аруаа 1351, еиуеиԥшым ахәрақәа роуит 3825.
Урыстәыла Украина абџьархыхразы арратә операциа иалагеит жәабран 24 рзы. Уи атәы рылаҳәо Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Рхада Владимир Путин иҳәеит, аоперациа ахықәкы Украина адемилитаризациеи аденацификациеи шраку.
Ажәабжьқәа зегьы
0