Аԥсны

Аԥсуаа ркультураҿы аҩыҟаҵара аҭыԥ аазырԥшуа ацәыргақәҵа мҩаԥысит "Гума"

Ауснагӡатә мҩаԥысит аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" ираԥшьгамҭоу раԥхьатәи аԥсуа ҩқәа рмилаҭтә еицлабра аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аетнографиа азал аекспонатқәа "Аҩыҟаҵара аԥсуаа ркультураҿы" ҽнактәи рцәыргақәҵа мҩаԥысит акультура-усутә ҭыԥ "Гума" амҽыша хәажәкыра 27 азы.
Аекспозициа цәырган аҩыҟаҵара иадҳәалоу еиуеиԥшым амаҭәарқәа рыла – ажәытә ҳаԥшьақәа, ауалырқәа уҳәа аҩыҟаҵара амаҭәахәқәа. Уи адагьы изҭаху ирылшон аилахәыра ирыднагалоз аҩқәа ргьама абара.
1 / 7

Аԥсуаа ркультураҿы аҩыҟаҵара аҭыԥ аазырԥшуа ацәыргақәҵа мҩаԥысит "Гума"

2 / 7

Аԥсуаа ркультураҿы аҩыҟаҵара аҭыԥ аазырԥшуа ацәыргақәҵа мҩаԥысит "Гума"

3 / 7

Аԥсуаа ркультураҿы аҩыҟаҵара аҭыԥ аазырԥшуа ацәыргақәҵа мҩаԥысит "Гума"

4 / 7

Аԥсуаа ркультураҿы аҩыҟаҵара аҭыԥ аазырԥшуа ацәыргақәҵа мҩаԥысит "Гума"

5 / 7

Аԥсуаа ркультураҿы аҩыҟаҵара аҭыԥ аазырԥшуа ацәыргақәҵа мҩаԥысит "Гума"

6 / 7

Аԥсуаа ркультураҿы аҩыҟаҵара аҭыԥ аазырԥшуа ацәыргақәҵа мҩаԥысит "Гума"

7 / 7

Аԥсуаа ркультураҿы аҩыҟаҵара аҭыԥ аазырԥшуа ацәыргақәҵа мҩаԥысит "Гума"

Алекциа мҩаԥылгеит амузеи аҭҵаарадырратә усуҩ еиҳабы, аетнограф Инга Шамԥҳа. Лара далацәажәеит аԥсуаа рытрадициатә ҩыҟаҵаратә культура, аҩыҟаҵара анцәахәы Нару идҳәалоу аҳаԥшьақәа раартра аҵасқәа.
"Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ацәыргақәҵахь иаанагеит аҩыҟаҵара иадҳәалоу амыругақәа. Иҟоуп раԥхьаӡа акәны ицәыргоу. Иаҳҳәап, V тәи ашәышықәса иаҵанакуа анышәаԥшь иалху аԥҳал. Иара Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан иԥшаан", - ҳәа лҳәоит Инга Шамԥҳа.
Аԥсны
Аҟәа иаадыртит аԥсуаа рҩыҟаҵашьа акультура иазку ацәыргақәҵа
Ауснагӡатә мҩаԥысит аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" ираԥшьгамҭоу раԥхьатәи аԥсуа ҩқәа рмилаҭтә еицлабра аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ацәыргақәҵаҿ лхатәы аалыҵ цәырылгеит аицлабра алахәылацәа ируаӡәку Амра Беиа.
"Схаҵеи сареи аҩыҟаҵара нап аҳаркит 20 шықәса раԥхьа. Иара дыҟамижьҭеи сыхшара сыцхраауеит. Ашықәс азы иҭаҳҭәоит 700-800 литра аҩы. Аиҳаракгьы аҳардани акаҷыҷи ирылху. Аицлабра шыҟалоз ансаҳа схы аласырхәырц сҭаххеит", - лҳәеит лара.
Аиндаҭлара, Аԥсны раԥхьатәи ааглыхратә ҩыҟаҵара ашьаҭаркҩы Николаи Бата-иԥа Ачба ихьӡ ахуп. Иара хықәкыс иамоуп аҭыԥантәи аҩыҟаҵаҩцәа адгылара рыҭара, Аԥсны иҭрыжьуа аҩқәа рхаҭабзиара аиӷьтәра.
Аԥсны
Аԥсуа ҩы: иҭыҵит адокументалтә фильм аԥсуаа рыбзазара иахәҭаку аҩыҟаҵара иазкны
Аицлабра алахәылацәа зегьы аҳамҭақәа роуеит – европатәи аӡахәахкқәа реиҭаҳатәқәа, аилак алахәылацәа рҟынтәигьы хаз игоу аҳамҭақәа. "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аиааира зго анаплакы аҿы аҩыҭаҭәара алшара рырҭоит ԥхьаҟа аҭиразы. Аиндаҭларахь ирыдыркылоит аҩеиқәаҵәа, аҩышкәакәа.
Арзаҳалқәа рыдыркылалоит мшаԥы 20 аҟынӡа. Аелектронтә ԥошьҭа: abkhazwine@mail.ru. Аицлабра мҩаԥгахоит мшаԥы 29 азы.