Азербаиџьан аиҿцәажәарақәа рышьҭахь Ҟарабах, Фурух араион аҿы ар шьҭахьҟа ирнахеит

2020 шықәсазы урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа Ашьха Ҟарабахҟа инеит Ермантәылеи Азербаиџьани рыбжьара аимак анеибархха ашьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Урыстәылеи Азербаиџьани реиҿцәажәарақәа рышьҭахь Азербаиџьан Ҟарабах, Фурух араион аҿы ар шьҭахьҟа ирнахеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Аиҿцәажәарақәа рышьҭахь азербаиџьантәи аган ар шьҭахьҟа иианагеит аиланхарҭатә ҭыԥ Фурух ашҟа", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа абиуллитен.
Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа уахи-ҽни 27 хылаԥшратә ҭыԥ рҟынтәи аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит. Иазгәаҭан ҩ-еилагарак Азербаиџьан ар рганахь ала Аскерантәи араионаҿы.

"Аиҿахысраан ҩыџьа аахәарқәа роуит. Урыстәылатәи абжьаҟазацәа рнапхгареи аимак алахәылацәеи иалдыршеит аҭагылазаашьа арҭынчра", - ҳәа аҳәоит абиуллетен.

Абжьаҟазаҩцәа Лачатәи амҩала имҩаныргеит азербаиџьантәи аколоннақәа хԥа.
Уаанӡа ирылаҳәан азербаиџьантәи аруаа урыстәылатәи аилазаара ахьгылоу инеит ҳәа.
Азербаиџьантәи Арбџьармчқәа адыррала аԥырҩы дызҭам Bayraktar ала Ашьха-Ҟарабах арратә мчрақәа ааха рырҭеит. Москва арегион аҿы аибарххара агәҭынчымра азцәырнагеит.
Азербаиџьан Арбџьармчқәа Ҟарабах аурыс бжьаҟазаҩцәа ахьгылаз иалалеит