Азербаиџьан Арбџьармчқәа Ҟарабах аурыс бжьаҟазаҩцәа ахьгылаз иалалеит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГород Бердзор накануне передачи Лачинского района Азербайджану
Город Бердзор накануне передачи Лачинского района Азербайджану - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Азербаиџьан аарԥхьоит рыруаа алыргарц. Уаанӡа Ашьха Ҟарабах аибашьратә шәарҭаразы агәҽанызаара ҳаракы алагалоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Азербаиџьан Арбџьармчқәа Ҟарабах аурыс бжьаҟазаҩцәа ахьгылаз иалалеит ҳәа аҩуеит РИА Новости, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа шьаҭас иганы.
Хәажәкыра 24-25 рзы Азербаиџьан Арбџьармчқәа ԥшьынтә ирылахысит Ашьха Ҟарабах Ареспублика архәҭақәа аԥырҩы дызҭам аҳаирплан BAYRAKTAR-TB 2" ала аиланхарҭа Фурах аҿы.

Асабша хәажәкыра 26 рзы иазхаҵам Ашьха Ҟарабах Ареспублика (АҞА) ахада Араик Арутиуниан аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәылаҿы аибашьратә шәарҭаразы агәҽанызаара шалаигало, ауааԥсыра рзинқәеи рхақәиҭрақәеи шԥыркуа, абри атәы аанацҳауеит АҞА аофициалтә аинформациатә центр а-Telegram-канал.

Аусԥҟа инақәыршәаны, аизарақәа, аҿагыларатә акциақәа, ауаа рацәа реизарақәа уҳәа аиҿкаарақәа русура аанызкыло егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа рзин ыҟам.
Уи адагьы, "иаанкылахоит Арцах Ареспублика атәылахьчареи ашәарҭадареи рыхьӡ лазырҟәуа, иҵызшәаауа аиҿкаарақәа русура".
Ари аусԥҟа анагӡара иахылаԥшлоит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Амилаҭтә шәарҭадаратә маҵзуреи.
Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2021
Арадио
Ҳагба: Лада Кавказ имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы Урыстәыла ақәыӷәӷәароуп хықәкыс ирымоу
Уаанӡа иазхаҵам АҞА атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵахьан хәажәкыра 24 азы Азербаиџьан Арбџьармчқәа "абҵара 10 азы х-ганктәи аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа еилаганы рырхәҭақәа аларгалеит Урыстәылатәи Афедерациа аҭынчреиҿкааратә контингент ахьгылаз азона, рнапахьгьы иааргеит Аскерантәи араион Парух ақыҭеи ааигәа иҟоу адгьылқәеи". Иара убас ирҳәеит хәажәкыра 25 азы иҟаз аиҿахысраан азербаиџьантәи аруаа хәҩыки ҟарабахтәи аруаа хҩыки ҭахеит ҳәа. Убри аан азербаиџьантәи атәылахьчара аминистрра аерман АИХ-қәа иҟарҵаз адыррақәа иашам ҳәа ахырҳәааит.
Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарцәгьеит цәыббра 27 азы. Бџьаршьҭыхрыла аиҿагылара аанкыларазы аҽазышәарақәа ҟаҵан. Убас, Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла рхадацәа Владимир Путин, Ильхам Алиев, Никол Пашиниан абҵара 10 азы рнапы аҵарҩит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы аицҳәамҭа. Уи инақәыршәаны Ермантәылеи Азербаиџьани иааныркылаз аҭыԥқәа рҿы иаангылоит, Бақәа анапаҵаҟахь ииасуеит Кельбаџьартәи, Лачинтәи, Агдамтәи араионқәа, атҟәацәа еимырдоит. Ҟарабахи Ермантәылеи еимаздо Лачинтәи акоридор аҿы урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа гылеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0