АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа "Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранеишьеит хәҩык атеатр аҟазара аусх аусзуҩцәа ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны ахада иусԥҟала, Аԥсны атетралтә ҟазара аусхк аҿиараҟны рлагалазы "Аԥсны Зҽаԥсзтәыз артист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьоуп:
Аргәынԥҳа Мадина – С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭкарратә драматә театр арежиссиор:
Малиа Адгәыр – С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭкарратә драматә театр актиор;
Арсҭааԥҳа Марина – Аԥсуа Аҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр актриса;
Анқәаб Аслан –Аԥсуа Аҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр актиор;
Џьынџьал Нури – Шәарах Ԥачлиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи Аҳәынҭқарратә театр актиор.