Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Жәларбжьаратәи атеатр амш рыдеиныҳәалеит атеатр аусзуҩцәа

© Foto / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча главы МИД РФ С. Лаврова и президента Абхазии А. Бжании
Встреча главы МИД РФ С. Лаврова и президента Абхазии А. Бжании - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2022
Анапаҵаҩра
Иахьа Аԥсны аус руеит атеатрқәа ԥшьба: Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр, Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр, Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акомедиатә театр, Аҳәынҭқарратә Аҿар ртиатр.
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атеатр аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит Жәларбжьаратәи атеатр амш, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс- маҵзура.

"Атеатр – ари иҷыдоу дунеиуп, ҳаԥсы ахаара ахазҵо, еиҵагыло аҿар адоуҳатә-цәаҩа аҵакы реилныркаауеит. Ақәыргыламҭала ахәаԥшцәа ирызнаргоит иҵаулоу цәаныррала амилаҭтәи адунеитәи акультура ", - ҳәа аҳәоит Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәалараҟны.

Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны шбеиоу атеатралтә ҟазара аҿиараҟны хәызмаӡам злагала ыҟоу акультура аусзуцәа рыла. Урҭ рус рымаздо зус гәыкала иазнеиуа аҿар атеатр амаҵ шазыруа.
"Атеатр аусзуҩцәа иуадаҩз аамҭа рхыргеит COVID-19 иахҟьаны. Иахьа ҩаԥхьа ҳшәыргәырӷьоит шәыспектакльқәеи акыр аамҭа шәыззыԥшыз аԥхьарбарақәеи рыла", - ҳәа иҳәоит атәыла ахада.
Бжьаниа Аԥсны атеатр аԥсҭазаара иалахәу зегьы ирзеиӷьеишьеит аманшәалареи иҵыхәаԥҵәарадоу аҟазаратә гәеизҳареи.
Ажәабжьқәа зегьы
0