Аԥсны

Кьасоу Ҳагба Аԥсны Жәлар рартист ҳәа ахьӡ ихҵоуп

Кьасоу Ҳагба - С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭкарратә драматә театр аҟны актиорс аус иуеит 1978 шықәса раахыс.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik. Аԥсуа милаҭтә театртә ҟазара аҿиараҟны иҟаиҵаз алагала ду азы "Аԥсны Жәлар рартист" ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵоуп актиор Кьасоу Ҳагба. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Кьасоу Ҳагба - ататри акинои рактиор, диит 1950 шықәса жьҭаара 24 азы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. 1999-2000 шықәсқәа рзы Аԥсны акультура министрс дыҟан. 2002 шықәсазы Жәлар Реизарахь депутатс далхын.
Ҳагба асценаҟны инаигӡахьоу арольқәа 15 иреиҳауп, иаҳҳәозар Фазиль Искандер иҩымҭа "Махаз" иалху аспектакль, Азиз Агрба иқәыргыламҭаҟны Аԥсҳа Леон ироль наигӡон, Гальдони иҩымҭала "Кьоџьаа рҭыӡшәа" аҟны аӡбаҩ Исидоро ироль.
Арадио
Актиор Ҳагба: сзыхьӡаз ахәыҷы намысла, уаҩышәала, ԥсыуала иҟасҵон