"Аиубилеиқәеи сареи уамак ҳаимараӡам, ушықәс цацыԥхьаӡа аԥсра уазааигәахоит (длафуеит - аред.). Анцәа ду ихьышьаргәыҵа сакәыхшоуп адунеи сахьықәу азы. Хьӡысгьы-ԥшасгьы уԥсҭазаара зегьы адәы уахьықәу анцәеи ажәлари рҿаԥхьа ҵаҵӷәыс иамоу узҿу азанааҭ акы уахәаны, зыԥсы ҭоу ак ҟауҵо, аԥсҭазаара уалахәны иҟауҵо згәы иаахәо, маҷк аҟара изыхәо, изгәаԥхо аӡә дыҟазар, абри еиҳау хьӡы ыҟаӡам, еиҳау ҭагылазаашьа ыҟаӡам… Сара сызхьымӡаз, аԥсҭазаараҿы исзыҟамҵаз шаҟа гха сымоу ҳаззыразу ибзианы ирыцлааит. Сзыхьӡаз иарбан ҭагылазаашьазаалак исылшоз, исныруаз, еилыскаауаз ахәыҷы ала намысла, уаҩышәала, ԥсыуала иҟасҵон. Гәыблыла иҟауҵо зегьы алҵшәа аиуеит. Адунеи зегьы уара иузаарҳәуам, аха уԥсы ахьынӡаҭоу ужәлари уԥсадгьыли угәы аартны бзиа иануба, уи агәаҳәара анунаҭо, насгьы маҷӡак иадамхаргьы иҟауҵарц иуҭаху анеилукаауа алҵшәа аиуеит", - иҳәеит Ҳагба.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Кьасоу Ҳагба: ауаҩы иԥсҭазаара аҵакы аиуеит, ихы мжьакәа, иус ишахәҭоу дазнеир
- Кьасоу Ҳагба: амилаҭтә киносахьа аҭыхра уахгьы-ҽынгьы ҳаҿызароуп