Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Лавров: Урыстәыла адунеи аҿы аҩызцәа рацәаны иамоуп

Урыстәыла ахәаахәҭра аминистр Мантуров аҳәамҭа ҟаиҵеит фымз рҟынӡа шаҭаху алогистикатә еимадарақәа рышьақәыргыларазы ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik. Урыстәыла адунеи аҿы аҩызцәа рацәаны иамоуп иарбанызаалак ҭахкаарак ыҟам ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров сербиатәи АИХқәа аинтервиу рыҭо.

"Аиҟәыҭхаара аганахь ала, ҭахкаарак иҟам", - иҳәеит иара асанкциақәа рзы азҵаарақәа рҭак ҟаҵо.

Аминистр иҳәеит Урыстәыла аҩызцәа шырацәаҩу азиа-аокенҭынчтә регион аҿы, Азиа, Африка, Латинтәи Америка рҿы.
"Иҿио атәылақәа жәпакы рҟынтәи аиҿкаарақәеи ҳареи ҳаимабзиоуп. Арахь иаҵанакуеит Африкатәи Аидгыла, Латинтәи Америкеи Карибтәи аҵакыра, Алада-Мрагыларатәи Азиа атәылақәа р-Ассоциациа (АСЕАН) уҳәа егьырҭгьы", – иҳәеит Лавров.
Мантуров: Урыстәыла шықәсыбжак ала алогистикатә уснагӡатәқәа еиҿнакаауеит