Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Лавров: Урыстәыла Украинеи иареи реилацәажәара алҵшәа аиуп ҳәа иақәгәыӷуеит

Хәажәкыра 29-30 азы Сҭампыл имҩаԥысраны иҟоуп украинатәии урыстәылатәии аделегациақәа реилацәажәара араунд ҿыц.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Урыстәыла Украинеи иареи реилацәажәара алҵшәа аиуп ҳәа иақәгәыӷуеит ҳәа иҳәеит сербиатәи АИХқәа аинтервиу рыҭо Урыстәыла АА аминистр Сергеи Лавров.
"Ҳара аилацәажәарақәа хра рыманы рымҩаԥысра, алҵшәақәа аадырԥшуа аҟазаара ҳҭахуп. Ихадароу ҳхықәкы Донбасс аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа ршәарҭадароуп. Аашықәса дуӡӡа адунеи ауаажәларра ҽмырба ҟарҵон, зны заҵәыкгьы хҳәаа арымҭеит Донбассе иаларыжьуаз абомбақәа, аграждантә инфраструктурақәа, ахәышәтәырҭақәа, ахәыҷ баҳчақәа, анхарҭаҩнқәа уҳәа риехсра" ҳәа иҳәеит аминистр.
Киев аиҿцәажәарақәа мҩаԥнагошәа ауаа рахь ахы аанарԥшлоит аха уажәазы усеиԥш ҟалом ҳәа иҳәеит иара.
"Киев аҭагылазаашьа аӡбоушәа ахы мҩаԥнагон Минсктәи аиқәшаҳаҭарқәа рганахь алагьы 2015 шықәса рзы аха анаҩс урҭ ҳрықәныҟәом ҳәа рҳәеит. Убри азы урҭ рхымҩаԥгашьа бзианы еилаҳкаахьеит. Ахадацәа рнапы зҵарҩыша аиҿцәажәарақәа рылкаақәа ҟаҵатәуп", - иҳәеит Лавров.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит Сҭампыл
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Украина ахада Владимир Зеленски иԥылара мап шацәимкыц, аха уи аиԥылара аҽазыҟаҵара ду аҭахуп ҳәа.
"Украина аимак убриаҟара аамҭа ашәыреиԥш аҽеизнакуан, убриаҟара проблема еизеит. Ус унеидтәаланы башацәажәарыла еилурго акакәым", - иҳәеит Лавров.
Адипломат Москвеи Киеви рыбжьара акахьы аизааибагараз алшарақәа ыҟоуп, избанзар агхақәа ртәы рымҳәозаргьы еилыркаауеит ҳәа иҳәеит.