Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит Сҭампыл

Урыстәылеи Украинеи аицәажәаразы еиԥылеит жәабран 28 азы. Аиԥыларақәа мҩаԥысуан Белоруссиа аҵакыраҿы аделегациақәа рыҳасаб алеиԥш авидеоконференциақәа рыҳасаб алагьы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik. Урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит Сҭампыл, Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рхадацәа реиқәшаҳаҭрала ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Ҭырқәтәыла ахада иусмҩаԥгарҭа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердогани Урыстәыла ахада Владимир Путини ҭелла ианеицәажәоз еиқәшаҳаҭхеит Урыстәылеи Украинеи рхаҭарнакцәа реиԥылара Сҭампыл имҩаԥгазарц", - ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿ.
Иазгәаҭоуп Ҭырқәтәыла ахада аибашьра аанкылазарц ааԥхьара шыҟаиҵаз. Иара иҳәеит аҭынчреи агуманитартә ҭагылазаашьеи арегион аҿы ишхымԥадатәиу.
Уаанӡа урыстәылатәи аделегациа аиҳабы Владимир Медински иҳәахьан Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа хәажәкыра 29-30 рзы имҩаԥысраны иҟоуп ҳәа.
Урыстәыла иаҭахуп Украина анеитралтә статус амазарц, абџьар шьҭанаҵарц, Ҟрыми Донбасси азханаҵарц. Арҭ аҭахрақәа зегьы еидкыланы аиҿцәажәараҿы иарбазароуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылеи Украинеи анҩстәи реиҿцәажәарақәа анымҩаԥысуа атәы иҳәеит Медински