Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылеи Украинеи анҩстәи реиҿцәажәарақәа анымҩаԥысуа атәы иҳәеит Медински

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПереговоры России и Украины в Гомельской области
Переговоры России и Украины в Гомельской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Урыстәылеи Украинеи аиҿцәажәарақәа рзын аиԥылара ҿыц инықәырԥшны иазгәаҭоуп хәажәкыра 29-30 рзы. Абри атәы иҳәеит Урыстәыла ахада ицхырааҩ, урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩы Владимир Медински ихатәы Telegram-канал аҟны.
Иара уаҟа иҩуеит, хәажәкыра 27 азы авидеоконференциа еимадарала имҩаԥысит изаамҭанытәиу аурыс-украинатәи аиҿцәажәарақәа ҳәа.
"Уи алҵшәақәа рыла аӡбамҭа рыдыркылеит хәажәкыра 29-30 рзы аиҿцәажәарақәа рзы еиԥыларц", - иҳәоит Медински.
Уаанӡа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова илҳәахьан Украина аганахь ала аиҿцәажәарақәа шдыргәагәо азы. Урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩгьы иҳәеит украинатәи ахаҭарнакцәа аамҭа агара дара ишырзыфеидоу азгәаҭаны аиҿцәажәарақәа шдыргәагәо.
Хәажәкыра 24 раахыс Украина адемилитаризациа амҩаԥыргаразы арратә аоперациа ҷыда цоит. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит уи хықәкыс ишамоу киевтәи арежим аҟынтәи аашықәса агеноцид иҭагылоу ауааԥсыра рыхьчара. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа икылкааны иқәыргоит арратә хыбрақәа, аҭынчуааԥсыреи аграждантә инфраструктуреи ԥырхага рымҭакуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0