Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

130-ҩык Ҭырқәтәыла атәылауаа Херсонстәи аобласт аҟынтәи Ҟрымҟа иахыргеит

Ауаа рахыгара мҩаԥган аҳәаанырцәтә цҳаражәҳәарҭақәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи Херсон акомендатурахь инарышьҭыз рыҳәарақәа рыла.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа 138-ҩык Ҭырқәтәыла атәылауааи 10-ҩык Украина атәылауааи Херсонстәи аобласт аҟынтәи Ҟрымҟа иахыргеит ҳәа азгәарҭеит Атәылахьчара аминистрраҿы.
"Украина, Херсонтәи аобласт аҟынтәи Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырахь Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа 138-ҩык Ҭырқәтәыла атәылауааи 10-ҩык Украина атәылауааи ахыргеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа Херсонтәи аобласт аҟынтәи ауаа автобусқәа рылеи рхатә транспорт алеи Ҟрымҟа риагараан ршәарҭадара рыхьчон.
Аоперациа ҷыда иалагазар аахыс урыстәылатәи аруаа Херсонынтәи Ҟрымҟа иахыргахьеит 600-ҩык аҳәаанырцәуаа.