Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

АКХ аҟны ашәҟәы иҭаргалеит Аԥсны Жәлар Реизарахь иалху 16-ҩык адепутатцәа

Аԥсны Жәлар Реизарахь аиҭалхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥган хәажәкыра 29 рзы. Алхрақәа шьақәгылеит алхратә ҭыԥқәа 16 рҟны, Алашарбагатәи 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны ҿыц аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит иқәгылаз акандидатцәа алхрақәа аҩбатәи ртур аҟны абжьқәа еиҟараны иахьроуз иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. АКХ аҟны ашәҟәы иҭаргалеит Аԥсны Жәлар Реизарахь иалху 16-ҩык адепутатцәа.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ аҟны ирҳәеит Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи атур заанаҵтәи рылҵшәақәа ртәы
"Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь алхрақәа" рзы Аҳәынҭқарра Аконституциа азакәан 35-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, алхырҭатә ҭыԥ хадақәа ркомиссиақәа иҟарҵаз аԥкаанҵақәа реихшьалақәа рышьаҭала Алхратә комиссиа хада аҟны хәажәкыра 12, 2022 шықәсазы ашәҟәы иҭаргалеит Жәлар Реизара адепутатцәа.
Алхратә ҭыԥ хада №1 - Инар Гыцба
Алхратә ҭыԥ хада №2 - Асҭамыр Гьерхьелиа
Алхратә ҭыԥ хада №3 - Нарсоу Салаҟаиа
Алхратә ҭыԥ хада №4 - Ерик Рштуни
Алхратә ҭыԥ хада № 6 - Дмитри Маршьан
Алхратә ҭыԥ хада № 7 - Рашида Аиба
Алхратә ҭыԥ хада № 13 - Алхас Барцыц
Алхратә ҭыԥ хада № 15 - Бадрик Ԥлиа
Алхратә ҭыԥ хада №20 - Алиса Гәылариа
Алхратә ҭыԥ хада №21 - Ахра Ԥачлиа
Алхратә ҭыԥ хада №22 - Фазлыбеи Аҩӡба
Алхратә ҭыԥ хада №28 - Демур Гогьиа
Алхратә ҭыԥ хада №29 - Алмас Акаба
Алхратә ҭыԥ хада №32 - Баҭал Џьопуа
Алхратә ҭыԥ хада №33 - Беслан Емырхәба
Алхратә ҭыԥ хада №34 - Герман Каҷараа.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы, усҟан иалхын 17-ҩык адепутатцәа,17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥган хәажәкыра 26 рзы. Алхрақәа рылҵшәақәа рыла абжьыҭара шьақәгылеит 16 алхратә ҭыԥқәа рҟны, Алашарбагатәи аабатәи алхратә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит иқәгылаз акандидатцәа алхрақәа аҩбатәи ртур аҟны абжьқәа еиҟараны иахьроуз иахҟьаны.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Алхырҭатә ҭыԥ хада №18 аҿы адепутатрахь кандидатк иаԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭаргалеит
Лаҵарамза 14 рзы Гәдоуҭатәи ақалақьтә 18-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны ҿыц аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит, иқәгылаз акандидатцәа иахәҭаз абыжьқәа рхыԥхьаӡара ахьырмоуз иахҟьаны.