Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

АКХ аҟны ирҳәеит Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи атур заанаҵтәи рылҵшәақәа ртәы

© Sputnik / Томас Тхайцук ЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизарахь 17 ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысит хәажәкыра 26 азы.
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Алхратә комиссиа хада Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур заанаҵтәи рылҵшәақәа аихшьаала ҟанаҵеит.
Ареспубликаҟны абжьыҭара инеит 54,52%. Асиаҿы ианыз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 67 659-ҩык ыҟан, ихадоу асиа ианын 67 095-ҩык, иназыцҵоу – 564-ҩык. Алхрақәа рхы рыладырхәит 36 885-ҩык.
Абиуллитенқәа 905 ииашамыз ҳәа ирԥхьаӡеит.
Аҩбатәи атур аҟны аиааира ргеит:
Алхратә ҭыԥ хада №1 (Аҳабла ҿыц) - Инар Гыцба, 1287 бжьы;
Алхратә ҭыԥ хада №2 (Аҳабла ҿыц) - Асҭамыр Гьерхьелиа,1024 бжьы;
Алхратә ҭыԥ хада №3 (Ажәытә ҳабла ) - Нарсоу Салаҟаиа, 1215 бжьы;
Алхратә ҭыԥ хада №4 (Аҩадатәи) - Ерик Рштуни, 1015 бжьы;
Алхратә ҭыԥ хада № 6 (Агәантәи) - Дмитри Маршьан, 1763 бжьы;
Алхратә ҭыԥ хада № 7 (Абиблиотека) - Рашида Аиба, 1213 бжьы;
Алхратә ҭыԥ хада № 13 (Гагратәи ақалақьтә) - Алхас Барцыц, 2109 бжьы;
Алхратә ҭыԥ хада № 15 (Оҭҳаратәи) - Бадрик Ԥлиа, 1130 бжьы;
Алхратә ҭыԥ хада №20 (Аацытәи) - Алиса Гәылариа, 1451 бжьы;
Алхратә ҭыԥ хада №21(Афонҿыцтәи) - Ахра Ԥачулиа, 928 бжьы;
Алхратә ҭыԥ хада №22 (Ешыратәи) - Фазлыбеи Аҩӡба, 741бжьы;
Алхратә ҭыԥ хада №28 (Гәыԥтәи) - Демур Гәагьиа, 922бжьы;
Алхратә ҭыԥ хада №29 (Ҷлоутәи) - Алмас Акаба, 1038 бжьы;
Алхратә ҭыԥ хада №32 (Очамчыратәи) - Баҭал Џьопуа, 1189 бжьы;
Алхратә ҭыԥ хада №33 (Тҟәарчалтәи актәи) - Беслан Емырхәба, 1372бжьы;
Алхратә ҭыԥ хада №34 (Тҟәарчалтәи аҩбатәи) - Герман Каҷараа, 854 бжьы.
Алхратә ҭыԥ хада № 8 (Алашарбага) адепутатрахь акандидатцәа Леон Гәбази Наур Нарманиеи еиҟараны – 889 бжьы роуит. Убри аҟнытә ари аҭыԥ хадаҿы даҽа ҩымз рышьҭахь алхрақәа мҩаԥгахоит.
Алхратә комиссиа хада Дмитри Маршьан иҳәеит акандидат Амиран Какалиа иҟынтәи ашшыбӷьыц шааиз, уаҟа иаҳәоит абиуллетенқәа зегьы иара иганахь ала иҟаз анаԥшҩцәа рнапқәа шаҵеиҩымыз. Убри аан алхратә ҭыԥи аҭыԥ хадеи ркомиссиақәа рахь ашшыбӷьыцқәа нашьҭымызт, убри аҟнытә АКХ ари аҩыза ашшыбхьыц изахәыԥшӡом иҳәеит Маршьан.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 азы. 35 ҭыԥ рзы иқәгылан 123-ҩык акандидатцәа. Гәдоуҭатәи 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы лаҵарамза 14 азы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0