АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Аԥсны Амилаҭтә банк ахсаалагақәа "Мир" ареспублика аҩнуҵҟа атәыла ауааԥсыреи асасцәеи рхы иадырхәарц абжьгара ҟанаҵеит ҳәа аҳәоит абанк асаит.
Абжьгарақәа рыдҳәалоуп иҟалар зылшо ауадаҩрақәа Аԥсны Visa, MasterCard рымаҵ аураан.
Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп ахсаалагақәа "Мир" Аԥсны ԥкрада рымаҵ шыруа.
Уаанӡа урыстәылатәи атуроператорцәа ирҳәахьан Аԥсны аԥсшьара алызхуа рхыԥхьаӡара шышьҭыҵыз, ахсаалага "Мир" ахархәара аманшәаларагьы азгәаҭан.
"Мир" ала аԥарашәара ҟалоит Ҭырқәтәыла, Виетнам, Ермантәыла, Узбекисҭан, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Таџьикисҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла. Амилаҭтә система АԤРА асистема "Мир" иахьаԥшьу азы, арҭ атәылақәа рҿы аԥснытәи абанкқәа рыхсаалагақәа рхархәара ҟалоит.