Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылеи Украинеи Сҭампыл реиԥылара актәи амш хыркәшоуп

Урыстәыла азыԥшуп Украинеи иареи реиԥылара араунд ҿыц алҵшәақәа аиуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Урыстәылеи Украинеи Сҭампыл реиԥылара актәи амш хыркәшоуп, аиԥылара х-сааҭк инарзынаԥшуа ицон ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, амаҵзура Anadolu адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵо.
"Урыстәылеи Украинеи Сҭампыл реиԥылара актәи амш хыркәшоуп", - ҳәа аанацҳауеит ҭырқәтәылатәи амаҵзура Twitter аҿы.
Аиԥылара мҩаԥысуан атәыла ахада ихан Долмабахче аҿы апресса рзы иарку арежим ала. Аицәажәара хыртын асааҭ 11:30 рзы, ихыркәшан асааҭ 14:10 рзеиԥш.
Урыстәылатәи аделегациа уаанӡатәи араундқәа рҟнеиԥш напхгара аиҭон Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински.
Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа ирылаган жәабран 28 азы. Хынтә реиԥылара ашьҭахь арежим онлаин ала есыҽны еилацәажәон. Хәажәкыра 10 рзы адипломатиатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны Анталиа еиԥылеит адәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Сергеи Лаврови Дмитри Кулебеи.