АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Литва аиҳабыра ишьақәнаргылеит аиӷаратә ҳәынҭқаррақәеи аҵакырақәеи рсиа, уи иаларҵеит Аԥсынгьы, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Литва, ртәыла Аекономика аминистрра апресс-маҵзура аацҳамҭа иазхьаԥшны.
Иазгәаҭоуп аиӷаратә тәылақәа рсиа ишанырҵаз Урыстәыла, Белоруссиа, Ҟрым, "Молдавиа аиҳабыра рнапаҵаҟа иҟам Приднестровие аҵакыра, Қырҭтәыла аиҳабыра рнапаҵаҟа иҟам Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҵакырақәа".
Ари асиа ҳасаб азуны дара ирылшоит урҭ аҳәынҭқаррақәа иртәу аилахәырақәа аҳәынҭқарра иаанахәо атендерқәа ирылырхырц, ма ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭрақәа аԥырырхырц.