Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи ар аракета "Точка-У" ала Луганск иалахысит

Ахысра мҩаԥган ашьыжь асааҭ 5:25 рзы Северодонецкынтәи. Уи ахҟьаԥҟьақәа ртәы ҳәа макьаназ акгьы ҳәам.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Украинатәи ар аракета "Точка-У" ала Луганск иалахысит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит ахымца аанкылараз арежим ахылаԥшреи акоординациеи мҩаԥызго Ацентр (СЦКК) аҿы ЛЖәР ахаҭарнакра.

Уи адагьы, атанк аҟынтәи иалахысын аиланхарҭа ҭыԥ Молочныи, 125 миллиметра иҟоу ахгәыцәқәа ааба рыла.

Донецк ахада Алексеи Кулемзин иҳәеит уахынлатәи алахысраан аҩнеихагыла ахәҭак шырбгаз.
"Уахынлатәи алахысраан украинатәи ахгәыцә Пинтер имҩ., 8 (Текстильшьик араион) аҟны игылоу жәбаны еихагылоу аҩны иақәшәеит. Актәи аҩналарҭа аабатәи аихагыла ахәҭак бгеит. Ааха зауз рзы аинформациа аҭҵаара мҩаԥысуеит ", — иҩуеит иара Telegram-канал аҿы.
Жәабран 24 рзы Урыстәыла аоперациа ҷыда иалагеит Украина абџьархыхразы. Владимир Путин аоперациа иахықәку аа-шықәса агеноцид зыдҟаҵалаз ауаа рыхьчароуп ҳәа.