Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар украинатәи Су-24 белоруссиатәи аҳәаа ааигәара икарыжьит

Арратә операциа иалагазар, Украина иҭархоуп 124 ҳаирплан, 77 вертолиот, 321 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 214 зенит-ракетатә комплекс, 1,75 нызқь танк.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Урыстәылатәи ар украинатәи Су-24 белоруссиатәи аҳәаа ааигәара икарыжьит ҳәа абрифинг аҿы иҳәеит Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.

"Ровентәи аобласт аиланхарҭа Тумень аҟны, украина-белоруссиатәи аҳәаа ааигәара Украина арра-ҳаиртә мчрақәа рҳаирплан Су-24 кажьын", - иҳәеит Конашенков.

Урыстәыла аҳауа-космостә мчрақәеи аракетатә ари уахыки-ҽнаки рыла 64 Украина арратә обиект ааха рырҭеит.
"Мышкы ала аоператив-тактикатә авиациеи аракетатә ари Украина арратә обиекқәа 64 ааха рырҭеит: Николаевтәи аобласт аиланхарҭатә ҭыԥ Березниговатое аҿы адҵаҟаҵаратә пунктқәа ԥшьба, азенит-ракетатә комплексқәа хԥа - Житомиртәи аобласт ақалақь Малин аҿы С-300 (акы), "Бук-М1" Угледари Славиански рҿы (ҩба)", - иҳәеит иара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла ар амҵәыжәҩа змоу аракетақәа рыла Ровентәи аобласт аҿы абылтәышьҭаҵарҭа ԥыржәеит
Уи адагьы, иҭархан ареактивтә системақәа хԥа, артиллериатә батареиақәа ҩба, ари атехникеи ргыларҭақәа 49.
Аоператив-тактикатә ракетатә комплекс "Искандер" ала иԥжәан аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба Донецктәи аобласт Каменка иахьаҵанакуа. Аҳауаҟынтә иԥжәан абылтәыҵәахырҭақәа Староконстантиновкеи Хмельницкии араионқәа рҿы.