АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Ахәаша мшаԥы 1 азы, Аҟәа ақалақь Гәлиа имҩаду аҟны амашьынақәа рныҟәара ԥкхоит амҩаду акаҭран ахьықәырҵо инамаданы, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Акаҭран ықәырҵоит Абазақәа рымҩаду инаркны аинрал Дбар ихьӡ зху амҩаду аҟынӡа.
Убри инамаданы амҩаду еихырсырҭақәа Гәлиа-Абазақәа, Гәлиа- Воронов, Гәлиа-Дбар аркхоит.
Ҩымш раԥхьа Абазақәа рымҩаҿы, Лакоба имҩа инаркны Аиааира амҩаҟынӡа, акаҭран ықәҵаны иалгеит.
Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩа реиҭашьақәыргылара 2020 шықәсазы иалагеит. Аусурақәа рхыркәшара азԥхьагәаҭан 2021 шықәса анҵәамҭаз, аха Очамчыратәи акаҭрантә зауад аҟынтәи иааргоз аматериал алашарала аиԥҟьара иахҟьаны ахаҭабзиара лаҟәын. Убри аҟнытә раԥхьа иқәырҵаз ықәхны ҩаԥхьа акаҭран ҿыц ақәҵара иалагеит.