Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрра Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина рҽеихшара ахықәкы атәы рҳәеит

Урыстәыла Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда иалагеит жәабран 24 азы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина рҭыԥқәа ԥсахны рҽеихшара хықәкыс иамоуп еиҳа аԥыжәара ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы аҽеидкылара Донбасс инагӡаны ахақәиҭтәразы иҳәеит аминистрра хаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.
Иара иажәақәа рыла, иахьазы киевтәии черниговтәии рхырхарҭақәа рҿы уснагӡалатәи ар рҽеихшара мҩаԥысуеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Медински: Киев акыршықәса раахыс раԥхьаӡа акәны Урыстәылеи дареи акы разааира иазыхиоуп
Аоперациа ҷыда актәи ахәҭаан иазԥхьагәаҭаз украинатәи аруааи урҭ рырратә техникеи рымчқәеи, Киевгьы налаҵаны арҭ ахырхарҭақәа рҟны рҽеидыркылартә аҟаҵара акәын.
Анаҩс, атәылауаа рыбжьара ацәыӡқәа реиҵатәразы киевтәи арежим ара ааха ду аҭара, арҭ амчқәа Урыстәыла АМ рхырхарҭа хадахьы имнеиртә аиԥш аҟаҵара акәын.
Конашенков иажәақәа рыла, ахықәкқәа нагӡоуп. Зныкала урыстәылатәи ар Донбасс ареспубликақәа рхақәиҭтәразы аоперациа актәи ахәҭа хнаркәшеит.

"Абри ахықәкоуп иззырхоу аашықәса дуӡӡа киевтәи арежим иаргылоз аҽыхьчарҭақәа рҭархара. Ахылаԥшра нагӡа рыҭоуп акоммуникациа цәаҳәа хадақәа, арезерв рнеирҭақәа. Иҭархоуп Украина ПВО асистемақәа, аҳаирбаӷәазатә инфраструктура, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа, аҽазыҟаҵаратә центрқәа. Аусурақәа макьанагь имҩаԥысуеит", - иҳәеит аинрал.

Иара иҳәеит абас ала киевтәии черниговтәии ахырхарҭақәа рҿы адҵақәа нагӡоуп ҳәа.