Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Медински: Киев акыршықәса раахыс раԥхьаӡа акәны Урыстәылеи дареи акы разааира иазыхиоуп

© Foto / БелТА / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссийско-украинские переговоры в Белоруссии
Российско-украинские переговоры в Белоруссии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Анапаҵаҩра
Амҽыша, хәажәкыра 29 рзы, Сҭампыл имҩаԥысит Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа.
АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩы, Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински дықәгыланы иҳәеит Сҭампыл имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа раан Киев акыршықәса раахыс раԥхьаӡа акәны аҳәамҭа шыҟанаҵаз Урыстәылеи дареи акы азааира ишазхиоу.
"Иацы киевтәи анапхгара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан ирымҳәацыз рҳәеит - Урыстәылеи дареи акы разааира ишазхиоу", - иҳәеит Медински ателеканал "Россия 24" аефир аҿы.
Иара иажәа иацҵо ишазгәеиҭаз ала, "дара ақьаад ианҵаны иҳарҭеит аԥхьаҟа иҟалар зылшо аиқәшаҳаҭра апринципқәа".

Аделегациа анапхгаҩы иҳәеит урҭ апринципқәа ишазԥхьагәарҭо:
НАТО ралалара мап ацәкра,
Украина аблоканҭыҵтәи астатус ашьақәырӷәӷәара,
аиадертә бџьаргьы, иара убас хыԥхьаӡара рацәала ауаа рнырҵәара зылшо абџьар амазаара, аиура, аҟаҵара мап ацәкра,
аҳәаанырцәтә арратә базақәеи арратә контингенти рыргылара мап ацәкра,
аҳәаанырцәтә арбџьармчқәа злахәу арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргозар, уи заанаҵ иақәшаҳаҭзароуп Урыстәыла назлоу аҳәынҭқарра-хәдықәҵаҩцәа.
Медински иажәақәа рыла, иуҳәар ауеит Украина Урыстәылазы акрызҵазкуа адҵа хадақәа ишрықәшаҳаҭхаз - НАТО аламлареи аҳәаанырцәтә арратә базақәа рмыргылареи. Медински иазгәеиҭеит урҭ адҵақәа рхахьы иганы ианынарыгӡаҵәҟьа, Украина аҵакыраҿы НАТО аплацдарм аԥҵахоит ҳәа иҟоу ашәарҭара аԥыххоит.
Иара убас инаҵшьны иҳәеит Украинеи дареи реиҿцәажәарақәа ишрыцырҵо, Ҟрыми Донбасси рзы Урыстәыла апозициа ишацәхьамҵуа.
Переговоры России и Украины в Стамбуле - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылеи Украинеи Сҭампыл реиԥылара актәи амш хыркәшоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0