Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Мызки бжаки рыҩнуҵҟа ДЖәР аҟны 70-ҩык аҭынчуааԥсыра ҭахахьеит

Хәажәкыра 25 азтәи адыррақәа рыла аоперациа ҷыда актәи ахәҭаан иазԥхьагәаҭаз ахыдҵақәаа зегьы нагӡоуп - украинатәи ар амчхарақәа акыр илаҟәыит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik. Мызки бжаки рыҩнуҵҟа ДЖәР аҟны 70-ҩык аҭынч уааԥсыра ҭахахьеит, 857-ҩык аахақәа роухьеит ҳәа аанацҳауеит ареспублика ахаҭарнакра Telegram-канал аҿтәи акьыԥхьымҭа.

Арахь иаҵанакуеит 56-ҩык ахәыҷқәа ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

42 мшы рыҩнуҵҟа украинатәи аган ДЖәР аҵакыра иаланажьхьеит 17 929 џьаԥҳаны, аракетақәа ОТРК "Точка-У", БМ-27 "Ураган", БМ-21 "Град" уҳәа рҟынтәгьы.
Жәабран 17 аахыс ДЖәР аҿы иазгәаҭоуп ааха шрыҭоу: 1841 ҩны, 476 аграждантә инфраструктура аргыларақәа - 27 медусҳәарҭа, 65 ҵараусҳәарҭа, 110 асоциалтә хыбрақәа, 251 афымца -, аӡы -, агазеиқәыршәарақәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Мариуполь абандитцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәхоит иҳәеит Кадыров