Аԥсны

Урыстәылантәи Аԥсны иаиуа афымца аанкылахоит хәажәкыра 31 инаркны

Аԥсны афымцалашара Урыстәылантәи иаиуеит 2021 шықәса ԥхынҷкәынмза 18 аахыс.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik, Сариа Кәарцхелиаԥҳа. Урыстәылантәи Аԥсны иаиуа афымцалашара аанкылахоит хәажәкыра 31 асааҭ 23:00 инаркны, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа.
Авольтҳарак цәаҳәа "Ԥсоу-220" ала Урыстәылантәи иаауа афымца аанкылахоит ихәеит Гагәылиа. Убри инамаданы алашара аиура ахсаала ԥсаххоит: Аԥсны ахәҭак алашара аиулоит Авольтҳарак цәаҳәа-110 "Гечрыԥшь" аҟынтәи, аҩбатәи ахәҭа ЕгрыГЕС аҟынтәи иҳәеит иара.
Гагәылиа иажәақәа рыла, Џьуартәи аӡеизакырҭаҿ аӡы шылаҟәыц иаанхоит макьана. Аха убри аана аӡы маҷ- маҷ ацлара иаҿуп. Иааиуа амшқәа рзын иацлап ҳәа агәыӷра ыҟоуп. Аӡеизакырҭаҿ аӡы азымхакәан иҟалар, ЕгрыГЕС аусура аԥкрақәа алагалахоит.
Аԥсны афымцалашара Урыстәылантәи иаиуеит 2021 шықәса ԥхынҷкәынмза 18 аахыс.
Аԥсны
Џьуартәи аӡеизакырҭаҿ аӡы астанциа аанкылараҟынӡатәи аҩаӡараҿ илеины иҟоуп