Анатоли Бибилов Донбассҟа ацара игәы иҭоуп

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Донецктәии Лугансктәии Ареспубликақәа рахь инеиреи иҟазаареи раамҭа макьаназ иазгәаҭам.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов игәы иҭоуп Донбассҟа ацара ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.
Абри атәы иҳәеит иара Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иԥшәмаԥҳәыс агуманитартә цхыраара аизгаразы аҭыԥ анаалыртуаз. Аинформациа шьақәлырӷәӷәеит ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дина Гассиева.
Уаанӡа Бибилов Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра Урыстәыла алалара шырҭаху азы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Иахьазы абри аганахь ала аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит.
Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәыла агәаҳәара иадгылоит.