Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахада Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рҽеидҵаразы аҽазышәара гәахәарала идикылоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2022
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов иҳәеит Урыстәыла алаларазы ашьаҿа ҵаҵӷәыс иамоу ажәлар рҭаххароуп ҳәа.
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵи Нхыҵи Уаԥстәыла рҽеидҵаны Урыстәылеи алаларазы аҽазышәара гәахәарала идикылоит ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

"Ҳара агәахәара ду ҳнаҭоит Аахыҵ Уаԥстәылеи Нхыҵ Уаԥстәылеи ҳәынҭқаррак иалахәыланы реицыҟалара. Агәра аагоит ари ашьаҿа аахыҵ уаԥстәылаа ринтересқәа ишрықәшәо азы", - иҳәеит ахада.

Бжьаниа убри аан Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьазы Аԥсны апозициа далацәажәеит.
"Ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра ԥхьаҟагьы аиашьаратә, аҩызаратә ҳәынҭқарра – Урыстәылатәи Афедерациа ианырлоит 2014 шықәса абҵара 24 азтәи Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны", - иҳәеит иара.
Бжьаниа иҳәеит аиқәшаҳаҭраҿы ишышьақәырӷәӷәоу абарҭ аԥҟарақәа:
Адәныҟатә политика еишьашәаларыла амҩаԥгара.
Атәылахьчареи ашәарҭадареи рзеиԥшҵакыра аԥҵара.
Асоциалтәии аекономикатәии зеиԥшҵакыра аиҿкаара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхраара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра, Урыстәылатәи Афедерациа аԥшьгамҭала имҩаԥысуа аинтерграциатә процессқәа ирылахәхартә аиԥш аҭагылазаашьақәа раԥҵара.
Аиқәшаҳаҭра амчра амоуп жәашықәса рыҩнуҵҟа иара анапы анаҵаҩха ашьҭахь, анаҩстәи иааиуа ахәышықәсақәа рзы иацҵахалоит аганқәа руакы иара алҵразы адырра ҟанамҵар.
Сергей Шамба - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Аԥсны
Шамба: Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәыла иадгылоит Урыстәыла иалаларц ахьаҭаху азы
Иацы Ахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла алалара стратегиатә хықәкыс ишрымоу. Уажәы Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рыбжьара аилацәажәарақәа ирылагеит Урыстәыла аҵакырахь алалара азҵааразы.
Ареферендум мҩаԥысраны иҟоуп ареспублика ахада иалхра ашьҭахь. Алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 10 азы.
Здание администрация президента Республики Южная Осетия в Цхинвале. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2022
Аахыҵ Уаԥстәыла аилацәажәарақәа ирылагеит Урыстәыла алалара азҵааразы
Ажәабжьқәа зегьы
0