Аԥсны

Аԥсны аиҳабыра акриптовалиута арҳаразы амаининг азинҟамҵара аҿҳәара инахеит

Аԥсны амаининг амҩаԥгареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылан 2022 шықәса хәажәкыра 31аҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны аиҳабыра акриптовалиута арҳаразы амаининг азинҟамҵара аҿҳәара еиҭанахеит.
Sputnik акорреспондент аиҳабыра рыпресс-маҵзураҿы илзеиҭарҳәеит Аекономика аминистрра Аминистрцәа реилазаара Аппарат ахь ишынанашьҭыз амаинингмҩаԥгара азин аҟамҵара аҿҳәара иацызҵо азинтә актқәа рыпроект. Макьаназы азинҟамҵаратә ҿҳәара иахьынӡанахо атәы азгәаҭам.
Иара убасгьы хәажәкыра 31 азы ихыркәшахеит аимадараз Аҳәынҭеилакы аԥкырақәа – амаининг иадҳәалоу аресурсқәа рахь аинтернет анеира аԥкразы. Аусбарҭа аԥкрақәа ирыцнаҵо ирыцнамҵо макьана еилкаам.
Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵарала аԥкрақәа 2020 шықәса ԥхынҷкәын 8 инаркны 2021 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡа аус руан. Акриптовалиута арҳаразы аусурақәа ирҿагыланы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит 2020 шықәса аахыс афымцатә ҳақәа реидара ахьанҭахареи афымцамч адефицити инарыдҳәаланы.
Аԥсны
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амаининг-хархәагақәа риагара аанкылан