Аԥсны

Баслахә ақыҭаҿы иҟалаз ауаҩшьразы ашьаус хацыркуп

Хәажәкыра 30 2022 шықәсазы Баслахә ақыҭа абнараҿы гәҭакыла ахаҵа дшьын.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Очамчыра араион Апрокуратура Аԥсны атәылауаҩ Анри Чхьабелиа ишьразы ашьаус хацныркит, абри азы адырра ҟаиҵеит апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Руслан Ҭырқьба.
Иажәақәа рыла, ауаҩшьра ҟалеит хәажәкыра 30 2022 шықәсазы Баслахә ақыҭа абнараҿы. Мшаԥы 1 азы ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа агәҩара зызрымаз ахаҿы дааныркылеит. Уажәтәи аамҭазы хырԥашьа змам аҭҵааратәи аоперативтәи ԥшаарақәа мҩаԥыргоит.
Ашьаусԥшаара цонаҵы еиҳа инарҭбаау аинформациа арзара азин ыҟам иҳәеит Ҭырқьба.