АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит амҽыша мшаԥы 3 асааҭ 00:00 - 18:00 рзы, абри атәы аанацҳауеит "Аӡыканал".
Ӡрыжәтәда иаанхоит: Ешба имҩа, Ажәытә ҳабла, Колос иахьаҵанакуа, авокзал, Адыгеиаа рымҩа, ақалақь агәы, ВИЕМ, Турбаза, Аԥсилаа рымҩа, Аишьцәа Занҭариаа рымҩа, Ҷанба имҩа, Синоп.
Аӡы ааныркылар акәхеит Аҟәа Ажәанба-Лакоба рымҩақәа реихысырҭаҿы аӡымҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны.