Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ЛЖәР аҳәамҭа ҟарҵеит иртҟәаз украинатәи аруаа рыр ахь ихынҳәыр шырҭахым

Урыстәыла Украина иҷыдоу арратә операциа иалагеит жәабран 24 рзы. Хәажәкыра 25 рызтәи аҭагылазаашьала, Урыстәыла Арбџьармчқәа актәи аетап азы иазԥхьагәаҭаз адҵа хадақәа нагӡоуп - Киев арратә потенциал акыр ишьақәҟьоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. ЛЖәР итҟәаны иҟоу украинатәи аруаа рырхәҭақәа рахь ихынҳәыр рҭахӡа, абри атәы РИА Новости аинтервиу аҭо илҳәеит ЛЖәР ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Викториа Сердиукова.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украинатәи ар аракета "Точка-У" ала Луганск иалахысит
Лара инаҵшьны иазгәалҭеит Лугансктәи Жәлар Рреспубликаҿы итҟәаны иҟоу украинатәи аруаа еилыркааит аашықәса ирылагӡаны рнапхгаҩцәа рҟынтәи ироуаз адҵақәа аиаша ишацәыхараз.
Сердиукова лажәақәа рыла, дара Украина ажәлар рҿаԥхьа ҭоуба уны Донбасс иажәларц ицон ампыҵахалаҩ иҿагылоит ҳәа алозунгқәа шьҭыхны. Убри аан дара рҿы рықәшаҳаҭхеит аҭынч уааԥсыреи аграждантә инфраструктуреи ишреихсуаз.
"Аруаа рылақәа рыла ирбеит аашықәса ирылагӡаны ирыладырҵәоз апропаганда аиаша ишацәыхараз. Сара хаҭала сзыҿцәажәаз уркаинатәи аруаа рахьтә аӡәгьы рыр рахь ихынҳәып ҳәа ргәы иҭаӡамызт", - лҳәеит ЛЖәР аомбудсмен.
Хәажәкыра 24 раахыс Украина адемилитаризациа амҩаԥгаразы арратә аоперациа ҷыда цоит. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит уи хықәкыс ишамоу киевтәи арежим аҟынтәи аашықәса агеноцид иҭагылоу ауааԥсыра рыхьчара. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа икылкааны иқәыргоит арратә хыбрақәа, аҭынчуааԥсыреи аграждантә инфраструктуреи ԥырхага рымҭакәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Азҵаараҭҵаара: 76% иреиҳаны урыстәылаа Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда иадгылоит