Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Азҵаараҭҵаара: 76% иреиҳаны урыстәылаа Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда иадгылоит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБеженцы из Мариуполя
Беженцы из Мариуполя - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә гәаанагара аҭҵааразы Урыстәылазегьтәи Ацентр (ВЦИОМ) адыррақәа азнархиеит, урыстәылаа Украина имҩаԥысуа арратә операциа ҷыда амҩаԥгарази асанкциақәа рықәыӷәӷәара рырмариарази имҩаԥырго ауснагӡатәқәа рзы ргәаанагара.
АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Ауаажәларратә гәаанагара аҭҵааразы Урыстәылазегьтәи Ацентр (ВЦИОМ) адыррақәа иаадырԥшит Украина абџьарахыхразы имҩаԥысуа арратә операциа иадгыло урыстәылаа рхыԥхьаӡара 76% инаӡоит ҳәа.

Жәабран 25 раахыс аоперациа иадгыло рхыԥхьаӡара иацлеит 11 процент рыла. Аоперациа иадгылом 15 процент (10 процентк рыла еиҵоуп жәабран 25 рзы аасҭа), 9 процентк макьаназ ирҳәаша рыздырам.

Аоперациа ҷыда ахықәкқәа еиҳа еилыркаауа иалагеит ҳәа азгәанаҭоит Аҭҵааратә центр.
42 процент изазҵааз ирҳәеит аоперациа ҷыда Украина абџьарахыхра, Урыстәыла ахьчара, НАТО атәыла аҳәаақәа рҿы аҟамзаара хықәкыс иамоуп ҳәа.
Уи адагьы, хықәкыс иамақәоу рҳәеит:
21 процент – Украина аполитикатә хықәкы аԥсахра, анацистцәа рҟынтәи арыцқьара:
Донбасс аҭынчуааԥсыра рыхьчара
4 процентк ари азҵаара аҭакс Украина Урыстәыла адҵароуп аоперациа ахықәкы рҳәеит.
Хәажәкыра 24 раахыс Украина адемилитаризациа амҩаԥгаразы арратә аоперациа ҷыда цоит. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит уи хықәкыс ишамоу киевтәи арежим аҟынтәи аашықәса агеноцид иҭагылоу ауааԥсыра рыхьчара. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа икылкааны иқәыргоит арратә хыбрақәа, аҭынчуааԥсыреи аграждантә инфраструктуреи ԥырхага рымҭакәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0