Медведев дазааҭгылеит Украина Евроеидгыла алалара азҵааразы Урыстәыла агәаанагара

Украина ахада Владимир Зеленски Европарламент ахада Роберта Метсолеи иареи анеиԥылоз аҳәамҭа ҟаиҵеит иареи лареи ишеибырҳәаз Украина Евроеидгыла алалара арццакразы иҟоу алшарақәа, "аконкретика" ыҟоуп иҳәеит иара.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Украина Евроеидгыла (ЕЕ) иалалар аҭахызар, иалалааит, аха уи иагәаланаршәароуп Черногориеи Македониеи рԥышәа, урҭ НАТО абзоуралоуп излалалаз иҳәеит и-Telegram-канал аҿы Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев.
"Уажәшьҭа Украина еиҭах ЕЕ ахь иаҭахуп, уаанӡа аасҭагьы. Ҳара ҳпозициа дыруп: иәшҭахызар, шәалала, уи азы ажәалагала шәоуазар", - иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит "европаагьы Украина даара ирҭаххазшәа иҟоуп" ҳәа.
Медведев Черногориеи Македониеи аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы рԥышәа иунарбоит, ЕЕ уалалар азы НАТО ақәшаҳаҭра умазароуп, урҭ еихьыԥшу еиҿкаарақәоуп иҳәеит.
Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ иара убас иазгәеиҭеит "НАТО ЕЕ иареи реизыҟазаашьақәа рҿы аиашьа еиҳабы ироль нанагӡоит, еиҳа ишәуп, иҭышәынтәалоуп", убри азы "Бриуссель напхгара азҭо Вашингтон ауп, амала уи ус шакәу Бриуссель аҳәара ацәымӷуп" ҳәа.
"Убри азы ицәырҵуеит азҵаара: НАТО иалахәылам ЕЕ алалара шԥарылшо? Апартниор еиҳабы ақәшаҳаҭра ыҟамкәа, уи уаламкәа ЕЕ узалалом", - ҳәа аниҵеит иара.
Медведев иара убас иргәалаиршәеит Украина ЕЕ алалара аҭахижьҭеи акыршааҵуаз, аха нас иаалырҟьаны НАТО иалалар шаҭаххаз.
Медведев иазгәеиҭеит азеиԥшевропатә шәарҭара шыҟоу