Медведев иазгәеиҭеит азеиԥшевропатә шәарҭара шыҟоу

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСовет Россия - НАТО в Брюсселе
Совет Россия - НАТО в Брюсселе - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Sputnik Польша азы астатиа ду иҩит. Уа дазааҭгылеит аполиакцәа рыбжьара аурысцәымӷра азҵаара, Москвеи Варшавеи реизыҟазаашьа азҵаара.
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Польша ЕАА ар рыҟазаара убартә иазҳаит, Аҩада Атлантикатәи алианс аԥхьатә цәаҳәа акәхеит, европазегьтәи ашәарҭадаразы ари еиҳагьы еицәахеит амифҟазшьа змоу "Урыстәыла ашәарҭара" аасҭа ҳәа иҳәеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Sputnik Польша азы астатиаҿы.

"Авассалл америкатәи иаҳи НАТОи рҿаԥхьа ихы ааирԥшлароуп. Убри ауп иахьа Польша Аҩада Атлантикатәи алианс аԥхьатә цәаҳәаны изыҟалаз. 2020 шықәса нанҳәамза аахыс иара аҵакыраҿы ЕАА рыр рхыԥхьаӡара акыр иазҳаит, ара идыргылоит америкатәи асистема ПРО. "Трамп ифорт" ацынхәрас еиуеиԥшым арегионқәа рҿы иргылахоит арратә хыбрақәа", -   хәа иҩуеит иара.

Медведев иажәақәа рыла асанкциа ҿыцқәа раамҭазы Польша "аурысқәа руснагӡа иаҿагыло ԥыԥшырҭаны" ахы рыланаҳәоит, амилаҭтә шәарҭадара аинтересқәа хьчатәуп ҳәа ауаа агәра дырго.
" Ари еиҳагьы еицәоуп Варшава иааҟәымҵӡакәа зыӡбахә аҳәо, амифҟазшьа змоу "Урыстәыла ашәарҭара" аасҭа. Убри аан Польша стратегиатә партниорны Евроеидгыла атәыла дуқәа реиԥш ЕААгьы иашьом. Иҟалон Украинеи Қырҭтәылеи аҽрыднакылар, аха украина-польшатәи аизыҟазаашьақәагьы хазынаӡам", - иҳәеит Медведев.
Дырзааҭгылеит украинатәи анацистцәа Аибашьра ду аан рхымҩаԥгашьеи урҭ аполиакцәа ҳацхраауам ҳәа ирымоу агәалеи.
Зампред Совета безопасности РФ Д. Медведев провел заседание президиума Совета при президенте РФ по науке и образованию - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2022
Медведев: Украина адгьылқәа Варшавазы иҿаҵахәуп
Ажәабжьқәа зегьы
0