ШӘАЧА, мшаԥы 2 - Sputnik. Аԥсны хымԥада аизҳазыӷьара аԥеиԥшуп ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан Шәача "Аԥснытәи аинвестициатә форум" аартраан.
Лара иазгәалҭеит журналистк лаҳасабала акыр шҵуа, насгьы бзиа ибаны Аԥсны дшазҿлымҳау, дхәыҷаахыс ареспублика дшаҭаауа, зегь реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раан репортиорс Аԥсны аус шылуаз.
"Уажәы, Анцәа иџьшьаны, ҳара иаабоит аамҭа аҽшаԥсахуа. Иааиз аамҭа ҿыц хара имгакәа аҿиара бзиа шаанаго агәра ҳнаргоит. Аԥсны хымԥада аизҳазыӷьара аԥеиԥшуп, избан акәзар ара иҟоу амшын аҩыза, аҳауа аҩыза, ашьхақәа рҩыза, аԥшӡара аҩыза џьарамзар џьаргьы иҟаӡам", - ҳәа азгәалҭеит Маргарита Симониан.
Лара лажәақәа рыла, Аԥсны аинвестициақәа алазгалар зылшо аԥара змоу ауаа аҵыхәтәанынӡа ареспублика зеиԥшраҵәҟьоу ҭырымҵаацт.
"Сара сгәы излаанаго ала, ари аҭагылазаашьа аԥсахра мариоуп, иагьыԥсаххоит хымԥада. <...> Ауаа еилыркаауеит аинвестициақәа аҩызцәа ахьыҟоу шакәу иахьалагалатәу. Ус анакәха, ҳҩызцәа абаҟоу? Абар дара ахьыҟоу, аҳәаа ҳаахысыр - абар ҳҩызцәа ахьынхо", - лҳәеит лара лажәа иацҵаны.
Ахәаша Аԥсны ААР мшаԥы 1 азы аҳәамҭа ҟанаҵеит иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа агәаанагареибыҳәаратә мобилтә ҭыԥ "Аԥснытәи аинвестициатә форум" шаартхо.
Афорум мҩаԥгалахоит ахәаахәҭра-економикатәи аинвестициатәи ускқәа рҿы Аԥсны аусацура еиҳа иазҿлымҳахар зылшо Урыстәыла арегионқәа рҿы.
Аԥсны ААР рыҿцәажәоит Москватәи, Тулатәи, Ростовтәи аобластқәа, Санкт-Петербург, егьырҭ Урыстәыла асубиектқәа рхадацәа "Аԥснытәи аинвестициатә форум" дара рҿы амҩаԥгара алыршаразы.
Аԥсны ААР ахада Инал Арӡынба иажәақәа рыла, ари аҩыза аусутә формат ҿыц адҵа хадақәа ируакуп Аԥсны аинвестициатә потенциал ацәыргара.
Шәача имҩаԥысыз аартраан "Аԥснытәи аинвестициатә форум" алахәылацәа иддырбеит ҳреспублика аекономикатә лшарақәа ирызкыз асиужет.