АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аусура даара иманшәалоуп иҳәеит атуристтә комплекс "Тамшь Village" аиҳабы Константин Новиков Шәача имҩаԥысуа "Аԥснытәи аинвестициатә форум" аан дықәгыло.
Иара иажәақәа рыла, 2021 шықәсазтәи асезон аан, ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа акомплекс иаднакылеит 10,5 нызқьҩык аԥсшьацәа. Иара иазгәеиҭеит амаҵзурақәа зегьы рус шазырхоу асасцәа рыԥсшьара маншәаланы имҩаԥыргарц азы.
"Ҳара аҭахума, ҳара ҳкомплекс Аԥсны аиҳабыра рыцхыраара амамкәа ас ирласны изыргылахомызт. Иара мрагыларатәи ахәҭаҿы иргылахоит ҳәа аныӡбаха ашьҭахь, имҩаԥгатәын атуристцәа рыԥсшьара зегь рыла иманшәалахарц азы ашьаҿақәа", - ҳәа инаҵишьит иара
Атәыла аиҳабыра инагӡатәыз зегьы ҟарҵеит лҵшәа бзиала аус ааурц азы иҳәеит Новиков.
Иара урыстәылатәи абизнесуаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсны аинвестициатә проектқәа аԥара рыларҵаларц азы.
Асабша мшаԥы 2 рзы Шәача имҩаԥысуеит "Аԥснытәи аинвестициатә форум".
Афорум мҩаԥгалахоит ахәаахәҭра-економикатәи аинвестициатәи ускқәа рҿы Аԥсны аусацура еиҳа иазҿлымҳахар зылшо Урыстәыла арегионқәа рҿы.
Аԥсны ААР рыҿцәажәоит Москватәи, Тулатәи, Ростовтәи аобластқәа, Санкт-Петербург, егьырҭ Урыстәыла асубиектқәа рхадацәа "Аԥснытәи аинвестициатә форум" дара рҿы амҩаԥгара алыршаразы.
Аԥсны ААР ахада Инал Арӡынба иажәақәа рыла, ари аҩыза аусутә формат ҿыц адҵа хадақәа ируакуп Аԥсны аинвестициатә потенциал ацәыргара.
Шәача имҩаԥысыз аартраан "Аԥснытәи аинвестициатә форум" алахәылацәа иддырбеит ҳреспублика аекономикатә лшарақәа ирызкыз асиужет.