Аԥсны

Хаҵак Аԥсны аметадон алеигаларц даҿын

Ахаҵа дааныркылеит, иара жәаҩа шықәса рҟынӡа ҭакрала иқәырҵар рылшоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Изакәанымкәа анаркотик рацәаны аахәареи, аҵәахреи, аҭира хықәкыс имамкәа амҩангареи, иара убас Аԥсны аҵакырахь алагалареи рзы Амиран Анқәаб иганахьала ашьаус хацыркуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны
Хҩык ауаа аанкылоуп закәаншьаҭада анаркотикқәа Аԥсныҟа иахьааргоз азы
Ахаҵа дааныркылеит Гагра араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәеи агәаҭарҭа-аушьҭратә ҭып "Ԥсоу" аҟны.
Иара имашьынаҿы ирбеит анаркотикатә маҭәашьар "аметадон", иара убри аҩыза амаҭәашьаргьы иара ихаҭа идбалан.
Анқәаб даанкылоуп.