Аԥсны

Адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала Аԥсны Аџьатә Закәанеидкылахь аԥсахрақәа шьақәдырӷәӷәеит

Адепутатцәа актәи аԥхьарала Аԥсны Аџьатә Закәанеидкылахь аԥсахрақәа шьақәдырӷәӷәеит хәажәкыра 21 азы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент адепутатцәа ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала Аԥсны Аџьатә Закәанеидкылахь аԥсахрақәа аларгалеит.
Аԥсахрақәа инарықәыршәаны иреиҵаӡоу мызктәи ауалафахәы шьақәнаргылоит Аминистрцәа реилазаара (8200 мааҭ).
Иазгәаҭан иахьазы аус зуа Аџьатә закәанеидкыла инақәыршәаны иреиҵаӡоу мызктәи ауалафахәы ахь ишаҵанамкуа ашәарацҵақәа, акомпенсациатәии асоциалтәии шәарақәа, агәазыҟаҵарақәа, аԥхьахәқәа у.у.е.
Аԥсны Аџьатә закәанеидкыла Жәлар Реизара - Апарламент аҟны ирыдыркылеит 2016 шықәсазы.