АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Аԥсни Чечентәылеи аус еицырулоит агәабзиарахьчара аусхк аҟны ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа Telegram-канал аҿы.
Ашәахьа Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Чечентәи Ареспублика даҭааит атәыла аиҳабыра рхада Елҳан Сулеиманов иҟаиҵаз анаԥхьарала.
Сулеиманов Аԥснытәи аделегациа алахәылацәеи Чечентәи Ареспублика амилаҭтә политика, адәныҟатә еимадарақәа, акьыԥхьи аинформациеи рминистр Ахмед Дудаеви реиԥылара еиҿикааит.
Аиԥылараан Едуард Быҭәба аҽазныкгьы ҭабуп ҳәа ахиҳәааит ареспублика ахьӡала Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иазаашьҭыз Ацхыраара ласы амашьынақәа рзы.
"Чечентәи Ареспублика ахада Рамзан Кадырови Аимани Неси-иԥҳа Кадырови ҭабуп ҳәа раҳҳәоит иҟарҵаз адгыларазы. Ацхыраара ласы амашьынақәа ахәшәтәырҭақәа ирзеихшан", - ҳәа иҳәеит Быҭәба.
Уаанӡа Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Цхинвал дыҟан. Уа ҳаҭыр зқәу асас иаҳасаб ала жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа ааиртит.