Бибилов: Аахыҵ Уаԥстәыла аҩныҟа, Урыстәылаҟа игьежьыроуп

Цхинвал хара имгакәа азинҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа ирылагоит Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла иалаларазы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Иааит аамҭа, Аахыҵ Уаԥстәыла аҩныҟа, Урыстәылаҟа игьежьыроуп Ҟрым аиԥш ҳәа иҳәеит РИА Новости аинтервиу аҭо ареспублика ахада Анатоли Бибилов.
Аахыҵ Уаԥстәыла аилацәажәарақәа ирылагеит Урыстәыла алалара азҵааразы
Уаанӡа Бибилов иҳәахьан Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи аицәажәарақәа шымҩаԥырго, ареферендум мшаԥы 10 анахыс имҩаԥгахар шалшо.
Ареспублика ахада иҳәеит ари азҵаара шықәдыргылахьаз 30-тәи, 50-тәи, 80-тәи, 90-тәи ашықәсқәа рзы 2008 шықәсагьы налаҵаны.

"Ари зегь иаҳәо Аахыҵ Уаԥстәыла еснагь Урыстәылатәи Афедерациа алалара иазгәышьуан, избанзар Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа ирҭоурых ԥсадгьылны иршьоз Урыстәыла акәын. Ара Ҟрым ҳазлеиԥшым акгьы ыҟам. Ҟрым аҩныҟа ихынҳәит, ус анакәха уажәы ҳара иҳаамҭоуп", - иҳәеит иара.

Бибилов иажәақәа рыла имҩаԥгахар ҟалоит ҩ-референдумк: акы – Урыстәыла алаларазы, аҩбатәи Нхыҵ Уаԥстәыла аҽадҵаразы.
"Ҳара еилаҳкаауеит арҭ аамҭакала ишзалымшо, азакәанԥҵара иауам. Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла иалалар, анаҩс Уаԥстәыла аҽеидкылараз апроцессқәа ирылагахоит", - ҳәа иҳәеит Бибилов.
Арадио
Ԥлиаԥҳа Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла алаларазы: рашьцәеи дареи аӡәыкны аҟалара азин рымоуп
Ахада иҳәеит Урыстәыла алалара ишадгыло атәылауаа реиҳараҩык, Урыстәылагьы аполитикцәа ареферендум ишадгыло.