Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ԥлиаԥҳа Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла алаларазы: рашьцәеи дареи аӡәыкны аҟалара азин рымоуп

Ԥлиаԥҳа Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла алаларазы: рашьцәеи дареи аӡәыкны аҟалара азин рымоуп
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла алалара ахықәкы арадио Sputnik аефир аҟны ахҳәаа алҭеит аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа.
Иацы Ахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла алалара итәыла стратегиатә хықәкыс ишамоу. Ари ахҭыс иҳәынҭқарраҟны ргәацԥыҳәан ирыдыркылеит. Уаԥстәылеи Урыстәылеи рыбжьара аилацәажәарақәа ирылагеит Урыстәыла аҵакырахь алалара азҵааразы иҳәеит Ахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов ателеканал "Россия 24" аефир аҿы. Ари ахҭыс ҳтәылаҿы ишрыдыркылаз, аиԥш зеиԥшу аполитикатә ӡбамҭа ҵаҵӷәыс иамоу далацәажәеит аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа.
"Раԥхьатәи аҳаҭгәын уа ирбаз ауаԥс бызшәала аҩыра зныз 1328 шықәса иаҵанакуеит, аха уаанӡагьы ашьхақәа ирылбааны Қырҭтәыла инхоз ауаԥсаа рацәан. Сара сыстудентра ашықәсқәа раан исгәалашәоит ауаԥсаа ишырҳәоз Урыстәыла иҟоу рашьцәа ирзааигәазароуп ҳәа. Дара зныкымкәа ирҳәахьеит азин шрымоу рашьцәеи дареи аӡәыкны аҟалара. Аишьцәа реиқәшәара, ҳәынҭқаррак аҟны рыҟалара ирҭахыз, имҩаԥыргоз акәын. Ҭынч мҩала ареферендум ҟарҵар, уи мап ацәызкуа маҷхап ", - лҳәеит Ԥлиаԥҳа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0