АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы закәаншьаҭада аҭыҭынаалыҵ аиагара аԥнарҟәҟәааит Краснодартәи аҳазалхырҭа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥснынтә Урыстәылаҟа 2 000 ҭоԥк аҭыҭын аиагара аанкылан.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы иааныркылеит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицоз амашьына HONDA STEPWAGON. Амашьына амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс ала игәаҭан.
Аҳазалхыҩцәа иаадырԥшит 300 ҭоԥ (6000 цыра) асигарет, Польша иҭыжьу, адырга ҷыдақәа зқәым.
Уаанӡа иаанкылан автомашьына PEUGEOT 308. Уи агәаҭараан аидара ахьҭарҵо 1580 ҭоԥ (31600 цыра) асигарет ҭан.
Аҭыҭын аалыҵ изгоз ирымхуп, административтә зинеилагаразы ашьаус хацыркуп.