АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахԥатәи аԥхьарала иаднакылеит аиурист хаҿқәеи ахатәхаҿқәеи рзы ахараԥса шьақәзыргыло азакәан зегьы ишырбо-ишраҳауа СССРи Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра Ахԥатәи ареихи рхықәкы еиԥшызтәуа рзы.
Аилагаҩцәа рзы Административтә закәанеидкыла ахәҭаҷ ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны ахараԥса шьақәыргылоуп: зқьы инаркны ҩнызқь мааҭ рҟынӡа ма 15 уахи-ҽни иҭаркуеит.
Амаҵзуратә хаҿқәа рзы ахаарԥса еиҳауп: 2 000 – 4 000 мааҭ шәатәуп, аиурист хаҿқәа: 10 000 – 50 000 мааҭ ршәароуп.
Азакәан аиҭеилагараз ахатәхаҿқәа ахараԥса ҳәа ирықәҵахоит: 2 500 – 5 000 мааҭ, ма 15 уахи-ҽни иҭаркуеит.
Амаҵзуратә хаҿқәа рзы ахаарԥса еиҳауп: 5 000 – 20 000 мааҭ шәатәуп, аиурист хаҿқәа: 50 000 – 100 000 мааҭ ршәароуп.
2021 шықәса аԥхынразы Урыстәыла ахада азакәан "1941–1945шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан Аиааира анаӡаӡатәраз" СССРи Гитлер ихаантәи Германиеи рхықәкы аиԥштәразы азин ҟазымҵо ариашарақәа шьақәирӷәӷәеит. Аха усҟан азакәан "1941–1945шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан Аиааира анаӡаӡатәраз" аилагаразы аҭакԥхықәра азгәаҭамызт.